Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҟәыруа Очамчыра аихамҩа ашьақәыргыларазы: ҳааишьа бзиоуп

© SputnikЛеонид Куруа
Леонид Куруа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аихамҩа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра иахьаҵанакуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо, ахыркәшара ргәы ианҭоу атәы.
Ҟәыруа Очамчыра аихамҩа ашьақәыргыларазы: ҳааишьа бзиоуп

"Ҳаихамҩа иаҳа ауадаҩрақәа змоу ҳәа иԥхьаӡоуп. Иаагозар, атоннельқәа 10 ыҟоуп 300 метра инаркны 1 775 метра рҟынӡа. Еицҵаны 11 километра инацны иҟоуп атоннельқәа, ацҳақәа 9 ыҟоуп, 250 иреиҳаны атрубақәеи аестакадақәеи, 300 километра иназынаԥшуа аихамҩатә цәаҳәақәа. Ари зегьы аус адулатәуп, еснагь ахылаԥшра аҭахуп. Аихамҩатә ус ҩбаны ишоуп: уажәы изаамҭанытәуи, насгьы акапиталтә усуреи. Иахьазы Ԥсоунтәи Очамчыранӡа аусурақәа мҩаԥаагоит, уажәы Ешыра астанциаҟны аус ҳуеит…аихамҩа аганқәа ҳрыцқьоит. Очамчыра иахьа аус ӷәӷәа ҳаҿуп. Астанциаҟны астрелкақәа ҳәа изҿу ԥсахны амшын абаӷәаза аҟынӡа ицо амҩа ацәаҳәа 1 800 метра иҟоу аԥсахра ҳаҿуп. Аиашазы 17-18 шықәса ҵуеит уаҟа аус ҳуеижьҭеи. Тҟәарчалынтәи арацәа анааҳгоз уи амҩала акәын абаӷәазахь ишыҳашьҭуаз, уажәы Урыстәылантәи иааҳго арацәа уи амҩала ауп ишаауа. Убри амҩа ҳзыҟамҵо иахьанӡа иааҳгеит, аус еиԥш аҭагылазаашьа ҟалеит. Хәышәҟа метра амҩа ықәаҳҵахьеит, даҽа ҩымчыбжьа ҳадхаларгьы, ҳааишьа бзиоуп, иҟазҵо ауаа ҳамоуп, аус бзианы ицоит", - иҳәеит Ҟәыруа.

Иара еиҭеиҳәеит аихамҩа аҟаҵаразы амаҭәахә ахьынтәиаарго атәы.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0