https://sputnik-abkhazia.info/20210805/Asny-aministrtsa-reilazaara-abylty-zyda-tsara-amam-akhsat-aa-shanargyleit-1032980191.html
Аԥсны аминистрцәа реилазаара абылтәы зыда царҭа амам ахәԥсатә ҳәаа шьақәнаргылеит
Аԥсны аминистрцәа реилазаара абылтәы зыда царҭа амам ахәԥсатә ҳәаа шьақәнаргылеит
Sputnik Аҧсны
Нанҳәа 4 аахыс абылтәҭаҭәарҭақәа жәпакы рҿы абылтәы аҭира аанкылан. Ари ауааԥсыра рыбжьара ахҳәаа рацәеи агәаранқәеи цәырнагеит. 05.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-05T13:42+0300
2021-08-05T13:42+0300
2021-08-05T14:42+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/05/1032979297_0:85:1280:809_1920x0_80_0_0_c63b72cdf8e5f1fd578fd493411f8816.jpg
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Абензин АИ-92, адизель былтәы рыхәԥса еидкылан аахәараан литрак 51 мааҭ иаԥсоуп, литра-литрала аахәараан – 53 мааҭ. Абасеиԥш азыӡбоуп Аминистрцәа реилазаараҿы.Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ари ауснагӡатә ада ԥсыхәа ыҟам Урыстәыла абылтәы азы аџьармыкьаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны лҳәеит.Лара иазгәалҭеит Аԥсны абылтәы Урыстәыла ишаанахәо, уа ахәқәа шхалаз. Ахәқәа рышьақәыргылараан ари азыԥхьагәаҭамхар атәылаҿ аалыҵ азымхара ҟалоит.Убри аан аилацәажәара алахәылацәа уи аиԥш ҟалом ҳәа азырыԥхьаӡеит. Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит аҳәынҭусбарҭақәа ирзоурыжьуа абылтәы ахышәаҵышәа еиҵатәхар шауа.Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иҳәеит аҭагылазаашьа ҭырҵаарц адҵа шыҟаиҵаз, избанзар ари зегьы иԥсабаратәымкәа еибарххоуп ҳәа аинформациа шрымоу.Абылтәы зҭиуа аилахәыра дуқәа рхаҭарнакцәа уаанӡа иазгәарҭеит уажәы ахарџь рықәҵаны аус шыруа.Нанҳәа 3 азы Кристина Озган Александр Анқәаб изеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа зыхҟьо Урыстәыла абылтә азы аџьармыкьа аҭагылазаашьа шакәу.
https://sputnik-abkhazia.info/20210804/Asny-abylty-ayrmyka-alakhylatsa-rusurat-agylazaasha-eiakhashkhoit-1032970374.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/05/1032979297_0:45:1280:849_1920x0_80_0_0_084f1ae09a6d2f132f2fd6945bd10fc4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны аминистрцәа реилазаара абылтәы зыда царҭа амам ахәԥсатә ҳәаа шьақәнаргылеит
13:42 05.08.2021 (ирҿыцуп: 14:42 05.08.2021) Нанҳәа 4 аахыс абылтәҭаҭәарҭақәа жәпакы рҿы абылтәы аҭира аанкылан. Ари ауааԥсыра рыбжьара ахҳәаа рацәеи агәаранқәеи цәырнагеит.
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Абензин АИ-92, адизель былтәы рыхәԥса еидкылан аахәараан литрак 51 мааҭ иаԥсоуп, литра-литрала аахәараан – 53 мааҭ. Абасеиԥш азыӡбоуп Аминистрцәа реилазаараҿы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ари ауснагӡатә ада ԥсыхәа ыҟам Урыстәыла абылтәы азы аџьармыкьаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны лҳәеит.
Лара иазгәалҭеит Аԥсны абылтәы Урыстәыла ишаанахәо, уа ахәқәа шхалаз. Ахәқәа рышьақәыргылараан ари азыԥхьагәаҭамхар атәылаҿ аалыҵ азымхара ҟалоит.
Убри аан аилацәажәара алахәылацәа уи аиԥш ҟалом ҳәа азырыԥхьаӡеит. Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит аҳәынҭусбарҭақәа ирзоурыжьуа абылтәы ахышәаҵышәа еиҵатәхар шауа.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иҳәеит аҭагылазаашьа ҭырҵаарц адҵа шыҟаиҵаз, избанзар ари зегьы иԥсабаратәымкәа еибарххоуп ҳәа аинформациа шрымоу.
Абылтәы зҭиуа аилахәыра дуқәа рхаҭарнакцәа уаанӡа иазгәарҭеит уажәы ахарџь рықәҵаны аус шыруа.
Нанҳәа 3 азы Кристина Озган Александр Анқәаб изеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа зыхҟьо Урыстәыла абылтә азы аџьармыкьа аҭагылазаашьа шакәу.