Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Оҭар Лакрба

© Sputnik / Томас ТхайцукОтар Лакрба
Отар Лакрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Анапаҵаҩра
Оҭар Лакрба Аԥсуа телехәаԥшра аҟны аус иуан 30 шықәса инеиҳаны, "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп.
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Ачымазараҿкы ззышьақәырӷәӷәаз 63 шықәса зхыҵуаз Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Оҭар Лакрба иԥсҭазаара далҵит.
Оҭар Лакрба – Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла.
Отар Лакрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2018
Арадио
Лакрба: ажурналист знык агәрагара аныицәыӡ, анаҩс ашьақәыргылара уадаҩуп
Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга ашьҭахь Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысит. Уи ашьҭахь аусура далагеит Аԥсуа радио аҿы дикторси корреспондентси.
1987 ш. – Аԥсуа телехәаԥшра аредактор еиҳабы.
1992 ш. – Аԥсуа телехәаԥшра аинформациатә программақәа рредактор, аинформациатә ҟәша аиҳабы.
2000 ш. – аредактор хада.
2005 ш. – атематикатә программақәа рредактор хада.
2012-2014 шш. – Аԥсуа телехәаԥшра анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ.
Оҭар Лакрба ателепрограммақәа "Амчыбжь", "Ауаҩи адунеи", "Азакәан амчра", "Амшхәаԥштә азҵаара" дравторуп, Ауаажәларратә палата далахәылан.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0