https://sputnik-abkhazia.info/20210805/Urystylati-aspeleologtsa-Verevkin-iaay-akhaa-isyba-rbeit-1032977836.html
Урыстәылатәи аспелеологцәа Веревкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит
Урыстәылатәи аспелеологцәа Веревкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит
Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аспелеологцәа ргәаанагарала Веревкин иҳаԥаҿыарыцҳара ҟалазар ҟалоит 2020 шықәса аԥхын ма ҭагалан. 05.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-05T09:22+0300
2021-08-05T09:22+0300
2021-08-05T09:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/04/1032975095_14:0:2600:1462_1920x0_80_0_0_66633f6308e32a42ecbfc83a0a6dfe94.jpg
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи аспелеологцәа Аԥсны иҟоу Веревкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит 1100 метра алаҟәыраҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла аспелеологцәа Реидгыла анапхгара алахәыла Евгени Снедков.Снедков иажәақәа рыла иҭахаз дыштуристыз еилкаахеит, избанзар аҳаԥы амаршрут ауадаҩра иақәшәомызт ихархәагақәа. Иҟалоит иара аԥышәеи амчи изымхазар. Уи адагьы асеиԥш иҟоу аҳаԥқәа аӡәы ихала аҭалара ашәарҭадара атехника еиланагоит. Иара ихаҭара шьықәзыргылаша ҳәа аспелеологцәа акгьы рзымԥшааит.Урыстәылатәи аспелеологцәа ргәаанагарала Веревкин иҳаԥаҿы арыцҳара ҟалазар ҟалоит 2020 шықәса аԥхын ма ҭагалан.Аспелеологцәа реидгыла Аԥсны АҶА ахь адырра ҟарҵеит."Идокументқәеи игәакьацәеи ԥшаатәуп. Иҟаҵатәу дара ирҳәароуп. Асеиԥш аан аԥсыбаҩ аҭгара рҽазыршәоит аха ариаҟара аҵаҟынтә уи уадаҩуп. 50 – 100-ҩык рҟынӡа аспелеологцәа аҭахуп. Аҳаԥаҿы ишәарҭоу аҭыԥқәа ыҟоуп",- иҳәоит Снедков.Иара иҳәеит Аԥсныҟа амҩа ишықәло аспелеологцәа Реидгылаҟынтә уи азы аҳәара ҟаҵахар.2020 шықәса нанҳәамзазы Арбаика аҳаԥаҿы дҭахеит аспелеолог Павел Демидов. Иԥсыбаҩ 300 метра рҟынтә ихагалан.Веревкин иҳаԥы адунеи аҿы реиҳа иҵаулоу ҳәа иԥхьаӡоуп. 2018 шықәсазы урыстәылатәи аспелеологцәа 2212 метра илбааит.
https://sputnik-abkhazia.info/20200904/Aspeleolog-Demidov-dakhakhaz-aay-adunei-ay-reia-iaulou-akkhar-aloit-1030878138.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/04/1032975095_274:0:2600:1462_1920x0_80_0_0_80ca9d0d90c55afb31ff9d3536ab54ad.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Урыстәылатәи аспелеологцәа Веревкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит
09:22 05.08.2021 (ирҿыцуп: 09:32 05.08.2021) Урыстәылатәи аспелеологцәа ргәаанагарала Веревкин иҳаԥаҿыарыцҳара ҟалазар ҟалоит 2020 шықәса аԥхын ма ҭагалан.
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи аспелеологцәа Аԥсны иҟоу Веревкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит 1100 метра алаҟәыраҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла аспелеологцәа Реидгыла анапхгара алахәыла Евгени Снедков.
"Нанҳәа 3, асааҭ 4:00 азы Москва, Перовсктәи аклуб аспелеологцәа ргәыԥ, 30 шықәса инарзынаԥшуа Веревкин иҳаԥаҿы аусурақәа мҩаԥызго, атурист иԥсыбаҩ рбеит. Аԥхьа аҭаларҭатә ҵеиџь ахықәаҿ ашаха рбеит, маҭәақәакгьы. Анаҩс 1100 метра алаҟәыраҿ ауаҩы иԥсыбаҩ кнаҳан", - иҳәеит иара.
Снедков иажәақәа рыла иҭахаз дыштуристыз еилкаахеит, избанзар аҳаԥы амаршрут ауадаҩра иақәшәомызт ихархәагақәа. Иҟалоит иара аԥышәеи амчи изымхазар. Уи адагьы асеиԥш иҟоу аҳаԥқәа аӡәы ихала аҭалара ашәарҭадара атехника еиланагоит. Иара ихаҭара шьықәзыргылаша ҳәа аспелеологцәа акгьы рзымԥшааит.
Урыстәылатәи аспелеологцәа ргәаанагарала Веревкин иҳаԥаҿы арыцҳара ҟалазар ҟалоит 2020 шықәса аԥхын ма ҭагалан.
Аспелеологцәа реидгыла Аԥсны АҶА ахь адырра ҟарҵеит.
"Идокументқәеи игәакьацәеи ԥшаатәуп. Иҟаҵатәу дара ирҳәароуп. Асеиԥш аан аԥсыбаҩ аҭгара рҽазыршәоит аха ариаҟара аҵаҟынтә уи уадаҩуп. 50 – 100-ҩык рҟынӡа аспелеологцәа аҭахуп. Аҳаԥаҿы ишәарҭоу аҭыԥқәа ыҟоуп",- иҳәоит Снедков.
Иара иҳәеит Аԥсныҟа амҩа ишықәло аспелеологцәа Реидгылаҟынтә уи азы аҳәара ҟаҵахар.
2020 шықәса нанҳәамзазы Арбаика аҳаԥаҿы дҭахеит аспелеолог Павел Демидов. Иԥсыбаҩ 300 метра рҟынтә ихагалан.
Веревкин иҳаԥы адунеи аҿы реиҳа иҵаулоу ҳәа иԥхьаӡоуп. 2018 шықәсазы урыстәылатәи аспелеологцәа 2212 метра илбааит.