Аиҳабыра ақәшаҳаҭхеит Кындыӷ аԥсшьарҭатә база аргылараз адгьыл аҭара

© Sputnik / Томас ТхайцукКындыгский горячий сероводородный источник
Кындыгский горячий сероводородный источник - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан аԥсшьарҭатә база аргылара мҩаԥызго аилахәыра аҳәара ҟарҵеит 25 шықәса арендала 2,1 гектар адгьыл рырҭарц.
АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аиҳабыра ақәшаҳаҭхеит Кындыӷ аԥсшьарҭатә база аргылараз 2,1 гектар адгьыл арендала аҭара.
Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа ахада Зорик Ҷҟониа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2019
Арадио
Ҷҟониа Кындыӷтәи аӡырԥхақәа рзы: урҭ ирыбзоураны ақыҭа аҿиара иалагеит
Адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭусбарҭа аиҳабы Адамыр Аҳәба иажәақәа рыла, аԥсшьарҭатә база аргылараны иҟоуп иаарту акционертә еилазаара "Лаша-2016", атыҩшаӡриқәа рыҵыҵырҭа ааигәара.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит Тамшь ақыҭан ихацыркыз аус бзиа анаҩсгьы Мрагыларатәи Аԥсны аган аинвесторцәа шаднаԥхьало.
"Атыҩшаӡриҵыҵырҭақәа ракәзар, ауаа еиҳа-еиҳа ирылаҵәоит, иаҭаауеит. Ааигәара аԥсшьарҭатә база аатыр, зынӡа ибзиахоит. Азнеишьа бзиоуп. Садгылаҩуп", - иҳәеит иара.
Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан аԥсшьарҭатә база аргылара мҩаԥызго аилахәыра "Лаша-2016" 25 шықәса арендала 2,1 гектар адгьыл рырҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0