Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷҟониа Кындыӷтәи аӡырԥхақәа рзы: урҭ ирыбзоураны ақыҭа аҿиара иалагеит

© Foto / из личного архива Зорика ЧконияОчамчыра араион Кындыӷ ақыҭа ахада Зорик Ҷҟониа
Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа ахада Зорик Ҷҟониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа ахада Зорик Ҷҟониа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны аӡырԥхақәа русура атәы далацәажәеит.
Ҷҟониа Кындыӷтәи аӡырԥхақәа рзы: урҭ ирыбзоураны ақыҭа аҿиара иалагеит

"Аибашьра ҟалаанӡа Кындыӷ аӡырԥхақәа 7 ыҟан. Урҭ рҟынтәи иахьа ԥшьба аус руеит. Џьара иҟоуп ауҭраҭыхааӡарҭа, аҽаџьара аԥсшьара ахьырхырго аҭыԥ. 1995 шықәсазы аҷкәынцәа ирыдкыланы ирымоуп, ҭаацәала аус руеит. Уаҟа аҟьамсар еизгарҭа ыҟан, идрыцқьеит, нас ауаа дәықәлеит ашьшьыҳәа. Аҭыԥ иаҳа-иаҳа еиҿыркаауа, аобиект ду алҵит. Ауаа иҳахәоит рҳәоит. Аӡәы аџьыка чымазара аҟынтәи аӡырԥхақәа сыхәеит иҳәоит, даҽа шьоукы, зыԥсы зшьо аурысцәа ҳааԥсара ҳхашҭит рҳәоит. Азааигәара апарк ҟарҵеит, баараҭыԥын аевкалиптқәа еиҭарҳаит, 150 шьап рҟынӡа аднакылеит, ашәҭқәа еиҭарҳаит, аанда ҟарҵеит акгьы зымҭало, еиҿыркааит ирылшоз ала. Ауаа аауеит рыԥсы ршьоит, урҭ рыла ақыҭа аҿиара аиуеит", - иҳәеит Ҷҟониа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0