Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа днеит

© SputnikДелегация Абхазии во главе с президентом Асланом Бжания прибыла с трехдневным официальным визитом в Южную Осетию для участия в памятных мероприятиях, приуроченных к 13-й годовщине событий августа 2008 года.
Делегация Абхазии во главе с президентом Асланом Бжания прибыла с трехдневным официальным визитом в Южную Осетию для участия в памятных мероприятиях, приуроченных к 13-й годовщине событий августа 2008 года. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2021
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы инеит.
АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа инеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы иофициалтә ныҟәара нанҳәа 9 рзы ихыркәшахоит.
Президент Аслан Бжания на церемонии возложения цветов в Парке Славы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2021
Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Нхыҵ Уаԥстәыла инеит
Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәааҿы аԥснытәи аделегациа ирԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Игор Козаев, Ӡаусттәи араион ахада Андреи Џьиоев, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев.
Аԥсны ахада ачеиџьыка рыманы иԥылеит. Абыргцәа рхеилак алахәыла Камболат Битиев Аслан Бжьаниа дахьнеиз иҭабуп ҳәа иаҳәаны аиҩызаразы аныҳәаҿа шьҭихит.
Аԥсны ахадагьы ҭабуп ахиҳәааит ибзианы дахьрыдыркылаз, иҳәеит аиашьаратә дгьыл аҿы аҟазаара гәахәас ишимоу. Иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реиҩызара ԥхьаҟагьы аҿиара шаиуа.
Абри ашьҭахь аофициалтә делегациа Цхинвалҟа амҩа иқәлеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0