Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Нхыҵ Уаԥстәыла инеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Аслан Бжания на церемонии возложения цветов в Парке Славы в Сухуме
Президент Аслан Бжания на церемонии возложения цветов в Парке Славы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 6 рзы иалагеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәылаҟа иофициалтә ныҟәара.
АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Цхинвалҟа инрымҩатәны Нхыҵ Уаԥстәыла инеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа усутә ныҟәарыла дцоит
Владикавказ аҳаиртә баӷәазаҿы Аслан Бжьаниа иԥылеит Нхыҵ Уаԥстәыла аиҳабыра рхантәаҩы Таимураз Тускаеви Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Алан Хетагурови.
Аԥснытәи аделегациа иалахәуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, Аҳәынҭқарратә дачақәа русбарҭа аиҳабы Беслан Кәыҵниа, Апарламент адепутат Рауль Лолуа.
Аслан Бжьаниеи аделегациа алахәылацәеи аҭааит Нхыҵ Уаԥстәыла "Амаалықьцәа рықалақь" ҳәа изышьҭоу Беслан ақалақь аҿтәи аԥсыжырҭа. Ара анышә иамадоуп 2004 шықәсазы атеракт аан иҭахаз ахәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа.
Траурные мероприятия в Беслане - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2019
"Амаалықьцәа рықалақь": Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 15 шықәса ҵит
Бжьаниа ашәҭшьыҵәрақәа абаҟа аҿаԥхьеи шасыс иргаз аанкылан иахьрымаз беслантәи ашкол №1 аспорттә зал аҿи ишьҭеиҵеит.
"Аԥааимбарцәа рықалақьи" беслантәи ашколи ирҭаауа дарбанзаалак ахьаа имоурц залшом иҳәеит Аслан Бжьаниа.
"Абаҟаҟынтәи шәҩыла ахәыҷқәа рыблақәа ҭырхаха ианухәаԥшуа, хәыцра рацәа урымҽхаркуеит. Ари аиԥш ахлымӡаах ахаан иҟамларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵаларц ҳара аиҳабацәа иҳарҳәарц рҭахушәа сгәы иснаҭоит. Аамҭа егьа ицаргьы 2004 шықәса цәыббра 1 азы Беслан иҟалаз арыцҳара хашҭшьа амам. Арыцҳара ду иалаӡыз зегьы ргәалашәара аҿаԥхьа схырхәоит", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны ахада Аахыҵ Уаԥстәыла дыҟазаауеит нанҳәа 6-9 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0