"Амаалықьцәа рықалақь": Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 15 шықәса ҵит

© Sputnik / Антон Подгайко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТраурные мероприятия в Беслане
Траурные мероприятия в Беслане - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәохә шықәса раԥхьа Нхыҵ Уаԥстәыла Беслан ақалақь ашкол аҟны Цәыббра 1 иазкыз агәырӷьаратә цәаҳәа шьаарҵәыран иҟалеит. Ажурналист Сырма Ашәԥҳа Ԥхынгәымза, 2013 шықәса рзы хаҭала даҭааны илбеит ари ахлымӡаах аан ацәгьоуцәа зыԥсҭазаара ҿахырҵәаз ахәыҷқәеи, аҭаацәеи, арҵаҩцәеи анышә иахьамадоу "Амаалықьцәа рықалақь" захьӡу анышәынҭра. Лара иҳацеиҩылшоит усҟантәи амшқәа илзааргаз ахьааи ахааназ ари аҩыза шыҟамло азы лгәыӷреи.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуа жәлари ауаԥс жәлари еицырзеиԥшу ҭоурыхтә лахьынҵак еиднакылоит. Арҭ ажәларқәа наџьнатә аахыс рыдгьыл аҿы аҭынчра аҟалара иазықәԥоит. Зыԥсадгьыли зыуаажәлари рыхьчара зшьа-зда иалоу ауаԥсаа изныкымкәа аӷа иҿагыланы аибашьрақәа ирықәшәахьеит. Хыԥхьаӡарала имаҷқәоу, аха доуҳала иӷәӷәоу ауаԥсқәа изнысхьоу рыԥсҭазааратә мҩа шьала икәабоуп. Мҩахәасҭацыԥхьаӡа, ҭыԥцыԥхьаӡа ҽеила уааҭгылан уӡырҩыр, иҟалап амаалықьцәа рыҵәаабжьы угәы инықәҩыр, абыргцәа ргәынқьбжьы уаршанхар… 

Амаалықьцәа рықалақь  Беслан - Sputnik Аҧсны
Фируза Чамагәуаԥҳа: "Амаалықьцәа рықалақь" арыцҳашьара узцәырнамгар залшом

Ишырҳәо еиԥш, ашьа зықәҭәам адгьыл ԥсадгьылӡам, ус баша дгьылуп. Ауаԥс дгьыл зыжәлар ршьала иҿыху иԥшьоу дгьылуп. Аибашьра анцоз аамҭазы аҭынч уааԥсыра рзы хеиқәырхагас иҟаз Зартәи амҩаду акәын, убри ала акәын Аахыҵ Уаԥстәылантә Нхыҵ Уаԥстәылаҟа излацоз, аха аӷацәа хәыҷи-дуи аӡәгьы дымшаҭакәа ибылны, иццышәны иқәырҵеит.

"Аԥсра адәҳәыԥш" ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҟны цәгьаԥсышьа зҭаны иҭадырхаз ауаԥсаа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахәыҷқәеи абыргцәеи, игәыҭшьаагоу уи асахьа наунагӡа сыблақәа ирхымҵуа иаанхеит. Ус еиԥш имаҷым угәы ҭызшьаауа ахҭысқәа. Ауаԥс жәлар ирхыргаз агәаҟра сагәылаԥшны избартә еиԥш аҭагылазаашьа сыман изныкымкәа Аԥснытәи аделегациа журналистк лаҳасаб ала срыцны аныҟәарақәа анымҩаԥаҳгоз. Аибашьра еилгеижьҭеи шықәсқәак шҵхьоугьы, ауаԥс дгьыл иану ашәахсҭақәа имӷьаӡацт…

© Sputnik / Антон Подгайко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАтеррористцәа ахәыҷқәа ахьыҩнарблыз Беслантәи актәи ашкол аспорттә зал аҟны уажәы амемориал ыҟоуп.
Амаалықьцәа рықалақь: Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 15 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Атеррористцәа ахәыҷқәа ахьыҩнарблыз Беслантәи актәи ашкол аспорттә зал аҟны уажәы амемориал ыҟоуп.

Адунеи зыршанхаз хҭысны иҟалеит 2004 шықәса, Беслан ақалақь аҿы иҟалаз атрагедиа. Цәыббрамзазы, аҵарашықәс алагамҭазы актәи ашкол аҟны иҟалаз атерракт иахҟьаны 314-ҩык рыԥсҭазаара иалхын, урҭ рыбжьара 186-ҩык аҵаҩцәа ракәын, еимгеимцарак иалагӡаны рхәыҷратә дунеи иагәылшьаан амаалықьцәа.

© Фото : Сырма Ашуба"Амаалықьцәа рықалақь" захьӡу цәгьаԥсышьа зыҭаз анышә иахьамадоу аҭыԥ аҟны есымша ҭынчроуп.
Амаалықьцәа рықалақь: Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 15 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
"Амаалықьцәа рықалақь" захьӡу цәгьаԥсышьа зыҭаз анышә иахьамадоу аҭыԥ аҟны есымша ҭынчроуп.

"Амаалықьцәа рықалақь" - абас ахьӡуп ахлымӡаах ахьыҟалаз, Беслан ақалақь аҿы ахәыҷқәа ахьыҩнаршьыз ашкол азааигәара иҟоу рҳаҭгәынқәа ахьгылоу анышәынҭра ду. Убри иаҿурԥшыр ҟалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Лаҭа иҭархаз аверталиот иҭаблыз ахәыҷқәа. Амаалықьцәа рықалақь аҿы иаакәыршаны иҟоу аҳаҭгәынқәа улаԥш ҳәаа рыхьӡом, гәыӷәӷәак змам иакәымзар, уи аҩыза алаԥшра гәаӷьыуацәоуп. Уаҟа ашьац макьанагьы ицәаакуп, адгьыл ашьа аламбаӡац.

Ари ахҭыс адунеи зыршанхаз акакәны иҟалеит. Сыбла иахьагьы ихгылоуп азеиԥш нышәынҭрақәа рҟны абаҟақәа иргәылыҷҷаауа ирну амаалықьцәа рхаҿсахьақәа, рыхьӡқәа, рыжәлақәа, рыхәмаргақәа.

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИҭахаз рҭаацәарақәа рхьаа ахааназ ӷьара ақәым...
Амаалықьцәа рықалақь: Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 15 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Иҭахаз рҭаацәарақәа рхьаа ахааназ ӷьара ақәым...

Иҟан урҭ рахьтә игәырӷьаҵәа актәи акласс ахь зшьапы еихызгаз, уи ашықәсан ашкол иалгақәоз, зышколтә ԥсҭазаара жәҩангәашәԥхьарак еиԥшны, гәыӷра шәкы рыманы. Уи аҽны ашкол ашҭахь зшьапы еихызгаз зегьы сааҭқәак рнаҩс ирзыԥшыз здыруадаз?.. Анаџьалбеит, шаҟа игәаӷьыуацәоузеи зны-зынла ари адгьыл ԥшӡа ақәынхара…

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕсышықәса ари амш азы ашкол иаҭаауеит шәҩыла ауаа гәаҟрыла иҭархаз ахәыҷқәеи урҭ реиҳабацәеи ргәаларшәаразы. Цәыббра 1 азы официалла аҵарашықәс иалагаӡом. Уи лахьеиқәратә мшуп ауаԥс жәлар рзы.
Амаалықьцәа рықалақь: Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 15 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Есышықәса ари амш азы ашкол иаҭаауеит шәҩыла ауаа гәаҟрыла иҭархаз ахәыҷқәеи урҭ реиҳабацәеи ргәаларшәаразы. Цәыббра 1 азы официалла аҵарашықәс иалагаӡом. Уи лахьеиқәратә мшуп ауаԥс жәлар рзы.

Сыхшыҩ аҿы иааиуеит абаҟақәа ирныз ахьӡқәеи ажәлақәеи акык-ҩбак, урҭ лассы-лассы ианысгәалашәо ыҟоуп: Рада Салказанова, Ӡирасса Басаева, Мадина Пухаева, Диана Карсанова, Мадина Кусова,ус шаҟаҩы… Аԥсныҟа саныхынҳә, акыраамҭа сшьара сықәломызт, схәыцра исзалхуамызт сызлаԥшыз ахлымӡаах.

Беслан ақалақь ашколқәа иахьа рышә аркуп

Шаҟа иуадаҩыз ҩыџьа зыԥҳацәа аҵыхәтәантәи рыԥсыԥ алагаҩагара нымҵәандаз ҳәа иԥшыз ан лыгәжәажәара. Шаҟа иуадаҩыз иҿажәкуаз ахәыҷқәа "аӡы, аӡы!" ҳәа ианыҵәаауаз, усҟан уара акала уанзырмыхәоз. Аԥсыбаҩқәа, уаҟа икашыз ашьа, еиуеиԥшымыз ахьӡқәа, аха еиԥшыз алахьынҵақәа, урҭ зегьы дара рхатәы ԥстазаара рзыԥҵәан…

Цәыббрамза 1 азы, Беслан  акалақь аҿы ашколқәа рышәқәа аркуп, лахьеиқәҵаратә мшуп, ус иаанхоит наунагӡагьы. Аҳаҭгәынқәа ирхагылоуп "Дерево Скорби" захьӡу аџьазтә композициа, уи агәыцә аҟны ԥшьҩык аҳәса ишьҭыхны ирку рнапқәа ирынӡалоуп амаалықьцәа, иҭахаз ахәыҷқәа символра рызуа.

© Фото : Сырма АшубаИҭахаз ахәыҷқәа символра рзызуа "Дерево скорби" захьӡу абаҟа.
Амаалықьцәа рықалақь: Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 15 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Иҭахаз ахәыҷқәа символра рзызуа "Дерево скорби" захьӡу абаҟа.

Уаҳа ари аҩыза дунеихаан иҟамлааит, ахәыҷқәа гәҭынчрала аҵара рҵааит, имгааит аибашьра иазку ахысбыжьқәа, ҳадгьылқәа рҿы наӡаӡа ишьақәгылазааит Аиааира, Аҭынчра, уи еихазҳауа, изыхьчо абиԥарақәа еиҵагылалааит.

Мҩамш адунеи лашахь, мҩамш аҵарадыррахь!

Ажәабжьқәа зегьы
0