Аԥсны акоронавирус злаз хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит, 118-ҩык ирыдырбалеит

© Sputnik / Антон Вергун / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОперация по лечению аритмии с использованием метода криоаблации
Операция по лечению аритмии с использованием метода криоаблации - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 22888-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18205-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 326-ҩык.
АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 452-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 118-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык: 69 шықәсеи 84 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа ахацәеи 80 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 169-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 39-ҩык, ибжьаратәуп - 69-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 42-а, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
 
Ажәабжьқәа зегьы
0