Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперштаб аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 6 рзы излазгәаҭоу ала, аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 22888-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18205-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 326-ҩык.
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҟны нанҳәа 6 азы имҩаԥысит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аилацәажәара. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Уаҟа ирылацәажәеит Аԥсны аковидчымазцәа ахьырхәшәтәуа ахәшәтәырҭақәа хәшәлеи маругалеи реиқәыршәара, иахьатәи аамҭазы аепидемиалогиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу уҳәа азҵаарақәа жәпакы.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Бытәба иазгәеиҭеит макьана атәылаҟны аепидемиалогиатә ҭагылазаашьа уадаҩны ишаанхо, убри аҟнытә аковидхәшәҭәырҭақәа ацхыраара шрыҭалатәу.
Иара убас, хазы иалацәажәеит ишеиҿкаатәу амедицинатә амобилтә бригадақәа аковид чымазаҩцәа рзы.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа аиҳабы ихаҭыԥауаҩ Ангелина Отырба лажәақәа рыла, Гәдоуҭатәи аковид хәшәтәырҭаҿ иҷаԥшьо ахақьымцәа рыбригадақәа зегьы ԥсшьарада аус руеит егьырҭ ахәшәтәырҭақәа рыҿгьы.
Спутник Лайт вакцина от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Акоронавирус аҟынтә даҽа партиак алаҵа Аԥсныҟа иааргеит
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хәшәла еиқәзыршәо Агәабзиарахьчара аминистрра хәшәылеи медицинатә хархәагалеи аиқәаршәараз аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ахәшәтәырта иаҭаху зегьы хәшәла ишеиқәдыршәо. Едуард Быҭәба иҳәеит уахь ишыршьҭыз иҵегь инацҵан аҵәыҵәритә аконцентрати, аныхтә материалқәеи, ахыхьчагатә матәахәқәеи. Агәабзиарахьчара аминистрра даҽа ҩ-ҵәыцәритә концентратк арҭеит Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа иҳәеит иахьатәи аамҭазы ахәшәтәырҭа уадаҩра шамам, зегь рыла ишхиоу.
Агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәтәратә ҟәша аспециалист хада, Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым Есма Гәниа дазааҭгылеит ахәыҷқәа рыбжьара аковидчымазараз ахәшәтәырҭа иадҵаало рхыԥхьаӡара.
Лара лажәақәа рыла, рашәарамазы ахәыҷтәы поликлиникаҿ иаарту аковид-уадахь инаргаз 678-ҩык ахәыҷқәа рахьынтәи 330-ҩык атесқәа рзыҟаҵан. Урҭ рҟынтәи 180-ҩык ахәыҷқәа ирзышьақәыргылан COVID-19 шрыхьыз. Нанҳәамза раԥхьатәи амчыбжь азы 107-ҩык ахәыҷқәа атест ззыҟарҵаз рахьынтә 15-ҩык аковид чымазара рыхьуеит.
Иара убас, ахшара дзоураны иҟоу COVID-19 змоу рымҩалкааразы азҵаарақәа ирылацәажәан. Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы иаартуп хырԥашьа змам аҭагылазаашьаазы иҷыдоу аҭыԥ. Планла акәзар, акоронавирус зыхьуа ахшараиура аамҭа иҭагылоу Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь ирышьҭуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0