Лыԥсҭазаара далҵит аԥсуа ҵарауаҩ-аетнолог Елена Малиа

© Foto / из личного архива Елены МалияЕлена Малия
Елена Малия - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аԥсуа етнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага, Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Елена Малиаԥҳа 87 шықәса лхыҵуан.
АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсуа ҵарауаҩ-аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага Елена Малиа лыԥсҭазаара далҵит асабша нанҳәа 7 рзы, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
"Елена Михаил-иԥҳа акыр шықәса лгәамбзиара иахҟьаны аҩны дыҟан, ҵыԥхтәи ашықәс анҵәамҭазы акоронавирусгьы лхылгеит", - иҳәеит иара. 
Елена Малиа леиԥш иҟоу аҵарауаҩ лыԥсҭазаара лалҵра Аԥсны аҭҵаарадырразы ицәыӡ дууп иҳәеит Ашәба. Иахьатәи аамҭазы уи лус иацызҵаша, лдыррақәа реиԥш зеиԥшу змоу аӡәгьы дшыҟам атәы иҳәеит аинститут аиҳабы. 
"Ҳара ҳҿы мацара акәым, Кавказ зегьы дыҟам уи илымаз адыррақәа змоу. Сара сыблала избахьеит Санкт-Петербург иҟоу Урыстәылатәи аетнографиатә музеи аҟны ишыҵәаху еицырдыруа аетнограф-кавказҭҵааҩ Студенецкаиа Евгениа Николаи-иԥҳаи лареи Аԥсны еизыргахьаз аетнографиатә материалқәа. Урҭ аԥсуаҭҵааразы адагьы, кавказҭҵаара зегь азы аҵак ду рымоуп. Лара аԥсшәагьы аурысшәагьы еицеиԥшны илдыруан. Аинститут есышықәса имҩаԥнагоз аекспедициақәа зегьы дрылахәын. Иҭылҵааша џьара ак шыҟоу аӡбахә анлаҳалак, аекспедициа дазымԥшкәагьы зныкымкәа дцахьан", - ҳәа игәалаиршәоит иара.
© Foto / из личного архива Елены МалияЕлена Малиеи, Аҷандаратәи амузеи аиҳабы Алықьса Ҳагбеи, Гәдоуҭатәи араион ахь еиҿкааз аекспедициа анапхгаҩы афольклорҭҵааҩ Артур Аншбеи.
В Ачандаре вместе директором сельского музея Алексеем Хагба и начальником экспедиции в Гудаутский район Артуром Аншба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Елена Малиеи, Аҷандаратәи амузеи аиҳабы Алықьса Ҳагбеи, Гәдоуҭатәи араион ахь еиҿкааз аекспедициа анапхгаҩы афольклорҭҵааҩ Артур Аншбеи.
Ашәба игәы иаланы иҳәеит сынтәа Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы ргәы ишҭаз Малиаԥҳа лусумҭақәа еидызкыло ашәҟәы ҭрыжьырц, ацәыргақәҵа еиҿыркаарц, арҭ азҵаарақәа ларгьы илацәажәаны рыӡбара иаҿын, аха акоронавирус иахҟьаны ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа макьана алшара рынаҭомызт.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы иажәақәа рыла, Елена Малиаԥҳа лыԥсҭазаара зегьы азылкит аԥсуа культура аҭҵаара, ҷыдала иуҳәозар, аԥсуа милаҭтә маҭәа азҵаарақәа ҭылҵаауан. Агәамбзиарақәа ирыхҟьаны аинститут ахь анеира лылымшо даналага, аҩнгьы аусура даҿын.
"Лара лыԥшәма аҵарауаҩ-афольклорист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Сергеи Лад-иԥа Зыхәбеи лареи хеибарҭәаауан. Дара рнапы зларкуазаалакгьы, аҵак ду аман аԥсуа жәлар рзы, уи акультура аларҵәаразы. Урҭ шеицәажәоз, аус шеицыруаз уанрыхәаԥшуаз, агәахәара ду уоуан, уаҟара уцлон, иҵегьы сырзыӡырҩындаз, ак рҿысҵаандаз ҳәа уҟалон", - иҳәеит Ашәба.
Арда Ашәбеи Елена Малиаԥҳаи еибадырит 25 шықәса раԥхьа. Иара иажәақәа рыла, лара даара дразын, лгәы ԥшқан, ауаҩы ихьаа лхьаан. Елена Михаил-иԥҳа, деиҳабума, деиҵбума, зегьы арацәажәашьа дақәшәон, аусура иалагоз аҿар дрывагылан, лдыррақәа рымалдон.
Сергеи Зыхәбеи Елена Малиеи ҩыџьа аԥацәа рааӡеит. Арда Ашәба иажәақәа рыла, урҭ рхәыҷқәа анысабицәазгьы, аекспедициақәа рахь рани раби ирыманы ианцалозгьы ыҟан, убас русура бзиа ирбон.
© Foto / из личного архива Елены МалияАфольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Сергеи Лад-иԥа Зыхәбеи, иԥшәма аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Елена Михаил-иԥҳа Малиеи, рмаҭеи.
Елена Малия с мужем фольклористом, доктором исторических наук Сегеем Зухба и внуком - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Сергеи Лад-иԥа Зыхәбеи, иԥшәма аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Елена Михаил-иԥҳа Малиеи, рмаҭеи.
Елена Малиа диит Аҟәа абҵара 23 1934 шықәсазы. 1958 шықәсазы далгеит Қарҭтәи Аҳәынҭуниверситет Кавказ аҟәша, 1964 шықәсазы - Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ринститут аҿы аспирантура.
Елена Малиа илыхьчеит акандидаттә диссертациа атема "Народное изобразительное искусство абхазов" ала. 1958 шықәса инаркны аус луан Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҿы (уажәы Аԥсуаҭҵааратә институт - азгә.). Лнапы иҵыҵхьеит 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рыбжьара иҟоуп "Аԥсуа милаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара (абеи ахырҷареи)" ("Народное изобразительное искусство абхазов (ткани и вышивки)"), "Аԥсуа маҭәа" ("Одежда абхазов"), "Аԥсуа маҭәа арԥшӡагақәа" ("Украшение одежды у абхазов"), "Ақәны иалху ауарҳалқәа рорнамент иазкны" ("Об орнаментации льняных ковров"), "Аԥсуаа рмилаҭтә хырҷара иазкны" ("О народном узоре абхазов"), "Ҳаамҭазтәи аԥсуа қыҭа" ("Современное абхазское село").
Ажәабжьқәа зегьы
0