Аҟәа амҩақәа хԥа рыхьӡқәа рыԥсахит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба амҩақәа рыхьӡқәа рыԥсахразы адҵа инапы аҵаиҩит Аҟәатәи ақалақьтә еизара аӡбара инақәыршәаны.
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы амҩақәа хԥа рыхьӡқәа ԥсахуп аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба идҵа инақәыршәаны. Абри атәы аанацҳауеит ахадара асаит
Арҭ амҩақәа рҟны аҭыӡҭыԥтә номерқәа рҽырыԥсахӡом:
  • Аҩадатәи абжьаларҭа Дмитри Илларион-иԥа Гамгьиа ихьӡ ахырҵеит - Д. Гамгьиа имҩа ҳәа,
  • Аспорттә мҩа Али Минкаил-иԥа Алиев ихьӡ ахырҵеит - А. Алиев имҩа ҳәа,
  • Аӡиастә мҩа Гаидар Шьаабан-иԥа Иазычба ихьӡ ахырҵеит - Г. Иазычба имҩа ҳәа.
Ақалақьргыларатә ҭышәныртәалареи, архитектуреи, адгьылшьақәыргылареи, амуниципалтә нхамҩеи рыҟәшақәа, "Аҟәа ақалақь атехникатә инвентаризациа абиуро" адҵа рыҭоуп рдокументқәа рахь иахәҭоу аԥсахрақәа аларгаларц. 
Ажәабжьқәа зегьы
0