Цхьынвал аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит

© Sputnik / Мария СанакоеваДелегация Абхазии почтила память павших Защитников Отечества в Цхинвале
Делегация Абхазии почтила память павших Защитников Отечества в Цхинвале - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2021
Анапаҵаҩра
Амҽыша нанҳәа 8 азы Цхьынвал имҩаԥысуеит агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазкны.
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аԥснытәи аделегациеи ашәҭқәеи ашәҭрқьақьақәеи шьҭарҵеит Цхьынвал аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан.
Иара убас, иахьа имҩаԥгахоит 2008 шықәсазы қырҭтәыла ақәылаҩ иааха раԥхьа издызкылаз Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа ахьыҟаз аҭыԥ аҟны.
Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа нанҳәа 6 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла инеит 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
Қырҭтәыла нанҳәа 8 2008 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, аҳҭнықалақь Цхинвали ааигәа-сигәа иҟаз анхарҭатә ҭыԥқәеи зегь ҟәыбаса ишьҭарҵеит. Иҭахон ауааԥсыра, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар х-уахахымшк аҿагылара ҟарҵон. Ақәылаҩ сааҭқәак рыла атәыла шьаҭанкыла ақәхра шигәҭакызгьы, илымшеит.
Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы ар ареспублика иаланагалеит. Москва нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверинитет азханаҵеит. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа акырынтә иазгәарҭахьеит, ҳреспубликақәа разхаҵара аҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аанарԥшуеит, ари азҵаара еиҭахәаԥшӡом.
Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:
Бжьаниа: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵара алшара ҿыцқәа аанартит
Цхьынвал имҩаԥысит ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа Бжьаниеи Бибилови реиԥылара
 
 
 
 
 
 
 
Ажәабжьқәа зегьы
0