"Ҳақалақь ишәҭышха иҟалар ҳҭахуп": Пицундатәи "Аҳәса Рхеилак" аусура иазкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Аида Трапш
Аида Трапш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2021
Анапаҵаҩра
Пицунда ақалақь шықәсыки бжаки ҵуеит "Аҳәса Рхеилак" аԥҵоуижьҭеи. Ари аиҿкаара хықәкы хадас иамоуи насгьы аамҭа кьаҿ иалагӡаны изыхьӡази ртәы дазааҭгылеит "Аҳәса Рхеилак" ахантәаҩы Аида Ҭраԥшьԥҳа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аԥсны ахыи аҵыхәи рҟны еиԥш, Пицунда ақалақь аҿгьы иахьа ауадаҩрақәа маҷымкәа иуԥылоит. Урҭ рыӡбаразы Гагра араиони аҭыԥантәи Ахадарақәеи ирылшо зегь шыҟарҵогьы, ирывагыланы аус рурц рҭаххеит аҳәсагьы. Убри инамаданы, Пицунда ақалақь иазааԥсахьоу гәыԥҩыуаак еиҿыркааит "Аҳәса Рхеилак".
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аџьба Пицунда ақалақь иазкны
"Дыҟамзар ҟалап қалақьуаҩык, Асовет Еидгыла аамҭақәа раан ишәҭышха иҟаз Пицунда хәыҷы иамаз ахԥша азыхынҳәыр зҭахым. Хымԥада ари имариам усуп, иаҭахуп аџьабаа рацәа, ахарџь. Аҭыԥантәи амчра тәамҩахә рымам ақалақь уахи-ҽни аԥсы аҭаҵаразы, убри аус аҿы ҳаргьы ҳрывагыларц ҳҭаххеит", - лҳәоит "Аҳәса Рхеилак" ахантәаҩы Аида Ҭраԥшьԥҳа.
Пицундатәи "Аҳәса Рхеилак" жәаҩык аҳәса еиднакылоит, аха уи иаанагаӡом уаҳа алалар ҟалом ҳәа. Апандемиа ҟалаанӡа, Ашықәс ҿыц иазкны ақалақь аҿы имҩаԥгаз аныҳәатә хәылԥазы аҟны, Аида Ҭраԥшьԥҳа еизаз ирылалҳәеит аиҿкаара ҿыц шаԥҵоу, агәаҳәара змоугьы иахәҭакхарц шрылшо. Ахҭыс еигәырӷьаз аҭыԥантәи аҳәса аӡәырҩы ирҭаххеит рҩызцәа рыгәҭа игыларц, аха адунеи иалаҵәаз аҿкы чымазара макьаназы иалнаршом аиҿкаара ауаа рацәа адыԥхьалара.
"Аҳәса Рхеилак" хықәкы хадас ирымоуп зфинанстә ҭагылазаашьа кәадоуи ахшара рацәа змоуи аҭаацәарақәа рахь ахьаԥшра, аҿар арылабжьара, ақалақь аиҿкаара ахылаԥшра.
"Ҳара ҳус, аҭыԥантәи Ахадара анаҩсгьы ахаҵгылара арҭоит ақалақь аҟны еиҿкаау "Аҿар рхеилакгьы". Аизарақәа анымҩаԥырго ааԥхьара ҳарҭоит, ҳгәаанагара иазҵаауеит. "Аҳәса Рхеилак" арҵаҩцәагьы ҳалоуп азы ирабжьаҳго маҷым", - инаҵылшьит Аида Ҭраԥшьԥҳа.
"Аҳәса Рхеилак" макьаназы аиԥыларақәа, аилацәажәарақәа ахьымҩаԥыргаша ауада рымаӡам, аха дара мызкы знык, Пицунда ақалақьтә культуратә хан ахыбраҿы иҟоу абиблиотекаҿы еизартә еиԥш алшара рылҭеит "Аҳәса Рхеилак" ахаҭарнак, Гагра араион абиблиотекатә система аиҳабы Лиана Смырԥҳа.
Вид на Пицунду - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2019
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа
"Аҳәса Рхеилак" апроектқәа маҷымкәа ирымоуп. Раԥхьа иргыланы ақалақь ахаҿра змырԥшӡо ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара азҵаара шьҭырхит.
"Асовет Еидгыла аамҭақәа раан Пицунда ақалақь ахыбрақәа жәпакы акурорттә Еилазаара иадын. Аибашьра ашьҭахь ирацәахеит хылаԥшрада инхаз аобиектқәа. Ҳара, ақалақь Ахадареи акурорттә Еилазаара анапхгареи ҳрацәажәеит ирыӡбарц ари нахыс арҭ аргыларақәа ирхылаԥшло. Ақалақь акәзар-ахаҿра еиҿыркаароуп, акурорт акәзаргьы убас", - ҳәа азгәалҭоит Аида Ҭраԥшьԥҳа.
Аҩбатәи апроект иазԥхьагәанаҭоит Пицунда ақалақь аҩнуҵҟа амҩақәа рԥырҭра. Асовет Еидгыла аамҭазы атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳагьы еиҳан, аха урҭ реиҳараҩык азеиԥш транспорт ала акәын ишаауаз, иахьа ирацәаҩӡоуп зхатәы машьынақәа рыла иаҳҭаауа. Амҩақәа ахьҭшәо инамаданы ауадаҩрақәа рызцәырҵоит амашьынаныҟәцаҩцәа реиԥш ашьаҟауаагьы. Абри азҵаара аӡбаразы "Аҳәса Рхеилак" атәыла Ахада иахь ицарц рҭахуп.
Аида Ҭраԥшьԥҳа русура алкаақәа ҟаҵо иаҳзеиҭалҳәеит, аԥхын аламҭалазы, Пицунда ақалақь асасааирҭақәеи аԥсшьарҭа ҩнқәа рыԥшәмацәеи дареи еицәажәаны, аҿкы чымазара ковид-19 иаҿагылоу амедицина аусзуҩцәа рзы хәыда-ԥсада аԥсшьарамшқәа реиҿкаара шырыӡбаз. Ус рашәара 1 инаркны 15-нӡа, Пицунда рыԥсы ддыршьеит 12-ҩык аҳақьымцәеи амедеиҳәшьцәеи.
"Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаҳзаарышьҭыз асиала, аусураҿы рҽанырыԥсах ашьҭахь рыԥсы дҳаршьеит Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Гагреи ковид аҟәшақәа рҿы аус зуа амедицина аусзуҩцәа. Аҭагылазаашьа схы иархәаны иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аҳақьымцәеи амедеиҳәшьцәеи рзы хәыда-ԥсада рыԥсшьарҭа ҩнқәеи рсасааирҭақәеи рҿы ауадақәа рызҭаз, урҭ иреиуоуп "Сосновая роща" аиҳабы Лиудмила Лолуаԥҳа, "Литфонд" аиҳабы Анатоли Аҩӡба, "Питиус" аиҳабы Адгәыр Хагәышь, иара убас ахатәы сасааирҭа аԥшәма Даур Аҩардан. Арҭ аԥсшьарҭа ҩнқәеи асасааирҭақәеи рҿы ҽнак хынтә акрыфарагьы еиҿкаан", - лҳәеит "Аҳәса Рхеилак" ахантәаҩы.
Абас ала актәи агәыԥ рыԥсы ршьеит. Уажәазы аҿкы аҽахьарцәгьаз инамаданы, аҳақьымцәеи амедеиҳәшьцәеи ԥсшьара иаартә еиԥш изыҟамлеит. Аха цәыббрамза анҵәамҭазы ҩаԥхьа аԥсшьарҭа ҩнқәеи асасааирҭақәеи рҿы аҩбатәи агәыԥ ирзыԥшызаауеит.
"Аҳәса Рхеилак" алахәылацәа, Пицундатәи ахәшәтәырҭаҿы COVID-19 зцәа иалоу ачымазцәа зхәышәтәуа ҩыџьа амедицина аусзуҩцәа рганахьгьы агәцаракра аадырԥшит. Заагарҭақәа ыҟоу аԥареилаԥса ҟаҵаны зныктәи афинанастә цхыраара рырҭеит.
Аида Ҭраԥшьԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит "Аҳәса Рхеилак" ахаҭарнакцәа Гагра араион Ахадара аиҳабы Иури Хагәышьгьы иааны ишиабадыраз. Иаргьы рнапы злаку аус аҿы ацхыраара шриҭало агәра диргеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0