Ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа Аҟәа араион аҿы ихацыркхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОсень в Абхазии
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә программа анагӡара шықәсык иалагӡаны 2021 шықәсазы ихыркәшатәуп.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Аҟәа араион ахадара ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа нанагӡоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Беслан Джопуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Џьопуа ақыҭанхамҩа аҿиаразы иалԥшаау апроектқәа ирызкны
Апроект ҩ-етапкны еихшоуп, иазԥхьагәанаҭоит ашәыреиҭаҳара.
"Актәи аетап аан иалаҳкаауеит апрограмма алахәылацәа. Иаԥҵахоит акомиссиа. Уи алахәылацәа  аус знапы алазкыр зҭаху рҟынтәи азыҳәақәеи адокументқәеи гәарҭалоит. Аӡбарагьы рыдыркылоит", - Аԥсныпресс иазеиҭеиҳәеит араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Дамеи Ҭыжәба.
Аҩбатәи аетап аан аԥаразоужьра мҩаԥгахоит. Ҭыжәба иажәақәа рыла, урҭ ирхыҵхырҭоуп араион абиуџьет.
Зынӡа 4 миллион мааҭ азоужьхоит.
"Проектк аҳәаақәа ирҭагӡаны гектарк еиҳамкәа адгьылҵакыраҿы ашәыр еиҭарҳауеит", - иҳәеит иара.
Апрограмма алахәхара зҭаху:
  • Аҟәа араион датәызароуп;
  • Ақыҭаҿы дынхозароуп;
  • Акомиссиа ишьақәнаргыло аамҭа иалагӡаны ахадарахь азыҳәа наишьҭроуп;
  • Апроект ахҳәааи уи ахарџьи азыҳәа иаирбароуп;
  • Адгьыл анализи ари аҭыԥ аҿы зеиҭаҳара игәҭаку акультурахки азгәеиҭароуп;
  • Аҟәа араион ахадара аофициалтә саит аҿы икьыԥхьхоит иаҭахны иҟоу адокументқәа реиқәыԥхьаӡа.
Апрограмма 2021 шықәса иалагӡаны имҩаԥгатәуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0