https://sputnik-abkhazia.info/20210809/Bzhania-Aakhy-Uastyla-iou-Asny-adiplomatiat-missia-daaait-1033002243.html
Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит
Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит
Sputnik Аҧсны
Иахьа ихыркәшахоит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла хымштәи иҟазаара. 09.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-09T11:00+0300
2021-08-09T11:00+0300
2021-08-09T10:56+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
кавказ
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/09/1033002070_0:205:2468:1599_1920x0_80_0_0_c0a039d91069691f987bb26c1790a92c.jpg
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.Бжьаниа диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нага змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев. Дара алацәажәеит Аԥсны еибашьуаны иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа рсиа аиҭахәаԥшра азҵаара.Ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит Адипмиссиа аҵакыраҿ традициа ҳасабла аԥсуа диаспора рԥылара шымҩаԥырго, Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш шазгәарҭо, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира Амш ишаԥыло.Елбакиев иазгәеиҭеит уи азы иахәҭаны иҟоу азинтә база, аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵаны ишыҟоу.Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Цхьынвал иаҭааны иҟоуп, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:Цхьынвал имҩаԥысит ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа Бжьаниеи Бибилови реиԥылараБжьаниа дрылахәын 2008 шықәса нанҳәамзатәи ахҭысқәа ирызкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәаБжьаниа: Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз аибашьра Аԥсны ашәарҭара иҭанаргылар алшон
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/09/1033002070_0:127:2468:1677_1920x0_80_0_0_ad8cfd8de518317b2c47a7c0cf014deb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, кавказ
аԥсны, ажәабжьқәа, кавказ
Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит
Иахьа ихыркәшахоит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла хымштәи иҟазаара.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Бжьаниа диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нага змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев. Дара алацәажәеит Аԥсны еибашьуаны иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа рсиа аиҭахәаԥшра азҵаара.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит Адипмиссиа аҵакыраҿ традициа ҳасабла аԥсуа диаспора рԥылара шымҩаԥырго, Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш шазгәарҭо, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира Амш ишаԥыло.
"Адҵа ҿыцқәа ҳашәҭозаргь, рынагӡара ҳазыхиоуп. Агәылеимабзиареи аиашьаратәии еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы аҿиара рыҳҭалоит", - ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Елбакиев иазгәеиҭеит уи азы иахәҭаны иҟоу азинтә база, аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵаны ишыҟоу.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Цхьынвал иаҭааны иҟоуп, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Цхьынвал имҩаԥысит ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа
Бжьаниеи Бибилови реиԥылараБжьаниа:
Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз аибашьра Аԥсны ашәарҭара иҭанаргылар алшон