Аҟәа иаадыртит Олег Бӷажәба 80 шықәса ихыҵра иазку аҭҵаарадырратә конференциа

© Sputnik / Бадрак Авидзба Международная научная конференция в АбИГИ
Международная научная конференция в АбИГИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, археолог, аҭоурыхҭҵааҩ, кавказҭҵааҩ, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу Олег Бӷажәба нанҳәа 1 азы 80 шықәса ихыҵит.
АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба.  аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, археолог, аҭоурыхҭҵааҩ, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, апрофессор Олег Бӷажәба 80 шықәса ихыҵра иазку Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Аҩада-мраҭашәаратәи Кавкази Амшын еиқәа аҿықәи ажәытәани абжьарашәышықәсақәеи рзы" аатит иахьа Аҟәа, Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.
"Олег Хәыхәыт-иԥа кавказҭҵаараҿы илагала ахәшьара уадаҩуп. Иара икалам иҵихит Аԥсны ажәытәӡатәи, антикатәи, абжьарашәышықәсатәи аамҭақәа рзы аҭоурых. 150 кьыԥхьымҭа, 15 фундаменталтә монографиа, ашколқәеи аҵараиурҭақәеи рзы арҵага шәҟәқәа дравторуп. Академик Бӷажәба аинститут адиссертациатә хеилак дахантәаҩуп, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум археологиатә комиссиа дахантәаҩуп. Ари аиубилиар инапы злаку аусқәа рыхәҭак ауп", - иҳәеит аконференциа аартуа Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Апарламент ахада Валери Кәарҷиа инаҵшьны иҳәеит Олег Бӷажәба аԥсуа ҭоурыхҭҵаараз алшамҭа дуқәа шимоу.
"Дара пату иқәаҳҵоит. Агәахәара ду снаҭоит иахьа абра дахьҳалатәоу, макьаназ иҟаиҵаша ахьырацәоу. Хаҭала, коллегак иаҳасаб ала исҭахуп ииубилеи идысныҳәаларц, ашықәс рацәа изеиӷьасшьарц. Аԥсуаа иара иқәра зықәроу ахаҵа алабашьа ианаршьон иҭәымҭа дҭагылоуп, иаԥхьаҟа аусқәа шьҭоуп ҳәа азшьаны", - иҳәеит Кәарҷиа.
Аҭҵаарадырреи акультуреи рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа ахада идныҳәалара даԥхьеит.
"Ишәыдысныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра аиубилеи мшы. Шәара шәыԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырра иазышәкит, ҳтәыла аҭоурых аҭҵаараҿы шәлагала ахәшьара уадаҩуп. Имҩаԥыжәгаз археологиатә ҭҵаарақәа, хыԥхьаӡарарацәала аусумҭақәа ирылҵшәаны еилаҳкаауеит ажәытә абиԥарақәа рыҟазаашьа", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Аҩада-мраҭашәаратәи Кавкази Амшын еиқәа аҿықәи ажәытәани абжьарашәышықәсақәеи рзы" иалахәуп аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа, имҩаԥысуеит нанҳәа 10-11 рзы.
Олег Бӷажәба диит еицырдыруа аԥсуа интеллигентцәа рҭаацәара рҿы. Иаб Хәыхәыт Бӷажәба бызшәадырҩын, литератураҭҵааҩын, аԥсуа литературатә критика дашьаҭаркҩын, иабду Соломон Бӷажәба – ашәа зхырҳәааз аԥсыуа хаҵан. Олег Бӷажәба хьтәы медалла 10-тәи Ашьхарыуаа рышкол далганы дҭалеит Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт аҭоурых-филологиатә факультет. Диплом ҟаԥшьыла иреиҳаӡоу аҵара даналга, 1967 шықәсазы СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа археологиа аинститут аспирантура дҭалоит.
1968 шықәсазы Олег Бӷажәба Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы - Аԥсуаҭҵааратә институт - аред.) археологиа аҟәшахьы аусуреи днеит, аамҭақәак рнаҩс иара ара аҭоурых аҟәша дахагылеит, иахьа уажәраанӡагьы напхгара аиҭоит. Иара убас 25 шықәса иреиҳауп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус иуеижьҭеи. Олег Бӷажәба авторс дрымоуп 150 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы 15 монографиа, Аԥсны аҭоурых азы арҵагашәҟәқәа. 
1972 шықәсазы Олег Бӷажәба акандидаттә диссертациа ихьчеит "Абжьарашәышықәсазтәи Аԥсны аматериалтә культура. VI–XIII ашә." атемала, 1995 шықәсазы - адоктортә диссертациа "Мраҭашәаратәи Алада Кавказ аихааглыхра аҭоурых I азқь. алагамҭа ҳ.ҟ. – II азқь. азбжанӡа ҳ.ҳ." атемала Москва Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Археологиа аинститут аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0