Аҵарҭышагаразы изышьҭаз Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсны аҳәааҿы дааныркылеит

© Sputnik Таможенный контроль на КПП Псоу
Таможенный контроль на КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
Ахаҵа Аԥсны ааныжьны Урыстәылаҟа даниасуаз Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. 1993 шықәсазы ииз, аҵарҭышагаразы изышьҭаз Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсны аҳәааҿы дааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 290 инақәыршәаны аҵарҭыша игеит ҳәа изышьҭаз ахаҿы ишьҭазаара мҩаԥызгоз Урыстәыла ААР Краснодартәи атәылаҿацә аусбарҭахь дрырҭеит.
Аҳәаахьчаратә усбарҭа иазгәанаҭоит Урыстәыла АЗ "Урыстәылатәи Афедерациа алалареи Урыстәылатәи Афедерациа алҵреи аԥҟараз" ахәҭаҷ 15 инақәыршәаны Урыстәыла атәылауаҩ изы иҟоуп атәыла алалареи алҵреи рзы аԥкрақәа:
  • Ацәгьоуразы иус ӡбазар – ахарадҵа нагӡахаанӡа ма доурышьҭаанӡа;
  • Аррамаҵзурахь ма иашьашәалоу амаҵзурахьы днашьҭызар – далгаанӡа;
  • Аӡбарҭа иднаҵаз ауалԥшьақәа иҽрыцәхьеикуазар – аганқәа реицеиқәшаҳаҭранӡа ма ауалԥшьа неигӡаанӡа;
  • Урыстәылатәи Афедерациа иалҵраан имцыз адыррақәа ҟаиҵазар, адокументқәа реиқәыршәараан – арҭ адокументқәа еиқәзыршәо аусбарҭақәа ари азҵаара рыӡбаанӡа;
  • Банкротны дыԥхьаӡазар – ибанкротраз арбитражтә ӡбарҭа аус ахыркәшара ма аҟәыҵра ишақәшаҳаҭу азы аӡбара аднакылаанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0