Аплатформа "Гәыма" аҿы иаадыртуеит Габриель Пацуриа ицхырааразы асахьақәа рцәыргақәҵа

© SputnikСтроительство кафе на станции ГУма
Строительство кафе на станции ГУма - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәымзазы активистцәа ргәыԥ хархәара змамыз аихамҩатә станциа "Гәыма" аҿы арт-ҭыԥ аадыртит акультура-усутә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Акультура-усутә платформа "Гәыма" аҿы нанҳәа 10 рзы иаадыртуеит аҟәатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа. Ироуа аԥара ахәҭак Габриель Пацуриа ихәышәтәра иазырхахоит ҳәа аанацҳауеит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана".
Габриэль Пацурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Иԥсеиқәырхагоу агәыр: "Ашана" Габриель Пацуриа ихәышәтәразы аԥареизгара иалагеит
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Габриель Пацуриа изы аԥареизгара хацнаркит ԥхынгәымзазы.
Ахәыҷы аамзы анихыҵуаз агенетикатә чмазара идырбалеит – абӷа-жьышә лыԥсаара. Есыҽны ичымазара аҽарӷәӷәоит – ишьапқәа кәадахоит, иԥсыԥлагаҩагареи илбаадаралшареи уадаҩхеит.
Ахәыҷы иеиқәырхараз иаҭахуп агәыр "Золгенсма". Иара ҩышықәса ихыҵаанӡа изыҟаҵатәуп, икапан 13 кьыла еиҳахаанӡа. Габриель шықәсыки бжаки ихыҵхьеит, 11 кьыла дыҟоуп. Убри азы ацхыраара хымԥада иаарласны иҭахуп.
"Золгенсма" 150 миллион мааҭ ирыцны иаԥсоуп. Нанҳәа 8 рызтәи адыррақәа рыла еизгоуп 15,5 миллион мааҭ.
"Гәыма" акоманда Габриель ацхыраара иҭара рҽаладырхәырц рыӡбеит. Ацәыргақәҵа аартхоит асааҭ 19:00 рзы.
Ауснагӡатә аҿы ахәыҷқәа рызгьы апрограмма еиҿкаауп, иааԥхьоуп аниматорцәеи адиџьеицәеи.
Уи адагьы астанциаҿ иқәыргылахоит ахәыҷы ицхырааразы дарбанызаалак аԥара зҭеиҵаша агәыҳалалра ачықьмаџьа.
Ажәабжьқәа зегьы
0