https://sputnik-abkhazia.info/20210810/Aruaa-aakhara-areit-zhaaramzazy-Asny-aktsiaa-ryrzyaralarts-1033013336.html
"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит жьҭаарамзазы Аԥсны акциақәа рҽырзыҟарҵаларц
"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит жьҭаарамзазы Аԥсны акциақәа рҽырзыҟарҵаларц
Sputnik Аҧсны
1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" апресс-конференциа мҩаԥыргеит АРСМИРА. 10.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-10T15:47+0300
2021-08-10T15:47+0300
2021-08-10T15:47+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/0a/1033012406_0:112:2600:1583_1920x0_80_0_0_cb397005671449ad1c4bcae60a8c03c2.jpg
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа ааԥхьара ҟаиҵеит жьҭаарамзазы Аԥсны ауааԥсыра акциақәа рҽырзыҟарҵаларц ҳәа ааицҳаит аҭыԥ аҟынтәи акорреспондент.Убри аан Гәлиа иазгәеиҭеит ахада Иусбарҭеи егьырҭ аиҳабыратә обиектқәеи анапахь раагара аӡәгьы игәы ишҭам.Иара иажәақәа рыла, аҿагыларатә акциа мҩаԥгахоит Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы, ирылаҳәахоит аекономика аминистри Аԥсуа телехәаԥшра аиҳаби русура иамхзарц адҵаҟаҵара рнапынҵақәа ахьырзынамыгӡо азы.Ҭемыр Гәлиа иҳәеит ареспубликаҿ апроблема рацәа шыҟоу, урҭ рыӡбара аҳәынҭқарра ишалымшо.Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы аԥкрақәа шрыланаҳәаз, даҽа ганкахьала атурист сезон ишасакьаҳәымҭоу, ашәарҭадаратә хымҩаԥгашьа аӡәгьы дшацымныҟәо."Аруаа" алахәыла Ҭемур Надараиа акритика азыҟаиҵеит аҳәынҭқарра апозициа абылтәы ахә ахаларазы. Иара иажәақәа рыла апроблема аҭышәныртәалараз акгьы ҟаҵам, иҟоу аҭагылазаашьа аҽацәыхьчаразы ишауаз алагалатә ахәԥсацҵазы ашәахтә ркьаҿзар шауаз. Убри аан урҭ ацәыӡқәа абылтәы ахархәара ишацырҵоз.
https://sputnik-abkhazia.info/20210624/Asny-aoppozitsiat-mcha-reidgyla-akriminogent-agylazaasha-ialatsazheit-1032690628.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/0a/1033012406_76:0:2600:1587_1920x0_80_0_0_fc0588ac5ba549304a0437d2ac1a2c5f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит жьҭаарамзазы Аԥсны акциақәа рҽырзыҟарҵаларц
1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" апресс-конференциа мҩаԥыргеит АРСМИРА.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа ааԥхьара ҟаиҵеит жьҭаарамзазы Аԥсны ауааԥсыра акциақәа рҽырзыҟарҵаларц ҳәа ааицҳаит аҭыԥ аҟынтәи акорреспондент.
Убри аан Гәлиа иазгәеиҭеит ахада Иусбарҭеи егьырҭ аиҳабыратә обиектқәеи анапахь раагара аӡәгьы игәы ишҭам.
Аҿагыларатә акциа жьҭаарамзазы имҩаԥгахоит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ауаа рацәа меизарц.
Иара иажәақәа рыла, аҿагыларатә акциа мҩаԥгахоит Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы, ирылаҳәахоит аекономика аминистри Аԥсуа телехәаԥшра аиҳаби русура иамхзарц адҵаҟаҵара рнапынҵақәа ахьырзынамыгӡо азы.
Ҭемыр Гәлиа иҳәеит ареспубликаҿ апроблема рацәа шыҟоу, урҭ рыӡбара аҳәынҭқарра ишалымшо.
Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы аԥкрақәа шрыланаҳәаз, даҽа ганкахьала атурист сезон ишасакьаҳәымҭоу, ашәарҭадаратә хымҩаԥгашьа аӡәгьы дшацымныҟәо.
"Аруаа" алахәыла Ҭемур Надараиа акритика азыҟаиҵеит аҳәынҭқарра апозициа абылтәы ахә ахаларазы. Иара иажәақәа рыла апроблема аҭышәныртәалараз акгьы ҟаҵам, иҟоу аҭагылазаашьа аҽацәыхьчаразы ишауаз алагалатә ахәԥсацҵазы ашәахтә ркьаҿзар шауаз. Убри аан урҭ ацәыӡқәа абылтәы ахархәара ишацырҵоз.