Дранда иҟалаз амҩатә машәыр аҟны ԥҳәыск дҭахеит

© Foto / МЧС РАДТП ВАЗ 2107
ДТП ВАЗ 2107 - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
Иҟалаз ахҭыс азы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рахь адырра ҟаҵан нанҳәа 10 асааҭ 13:32 азы.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион Дранда иҟалаз амҩатә машәыр аҟны аԥҳәыс дҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит автомашьынақәа "ВАЗ 2107"-и "ГАЗель"-и еиҿасит ҳәа. Иҟалаз ахҭыс азы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рахь адырра ҟаҵан нанҳәа 10 асааҭ 13:32 азы.
Ԥҳәыск дҭахеит, ҩыџьа ааха змаз Агәыӡератәи арратә госпиталь ахь инаргеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0