Иԥсҭазаара далҵит Ауаажәларратә палата алахәыла Данил Убириа

© SputnikДаниил Убирия на радио Sputnik
Даниил Убирия на радио Sputnik - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Анапаҵаҩра
Данил Убириа – "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу, 2007 шықәса раахыс Аԥсны Ауаажәларратә палата далахәылан.
АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 75-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Ауаажәларратә палата агәабзиарахьчараз акомиссиа ахада Данил Убириа, ҳәа Sputnik адырра алҭеит аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа.
Даниил Убирия - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2020
Арадио
Убириа Ауаажәларратә палата аусуразы: ихадоу ҳаӡбамҭақәа рынагӡароуп
"Данил Ҭемыр-иԥа Ауаажәларратә палата ахыҵхырҭаҿы дгылан, актәи ааԥхьара алахәылас дыҟан. Ауаажәларратә палата аусура агәҭаҵәҟьа далагылан, еснагь аҭакԥхықәра ду даҵагылан. Иҵарыз азҵаарақәа рыӡбара иара идлон, еснагь мап ацәымккәа аҭыԥ иқәиҵон", - ҳәа лҳәоит лара.
Уи адагьы акыр иџьабаа адуп амчратә еилазаарақәеи егьырҭ аусбарҭақәеи рҿы ауаажәларратә хеидкылақәа раԥҵара аидеиа ҳәа азгәалҭоит Апалата ахантәаҩы.
"Уажәы урҭ аиҿкаарақәа рҿы Апалата алахәылацәа ыҟоуп. Иара иаԥшьгамҭоуп асоциалтә программақәа жәпакы – анаркоманиа аҿагылара еиԥшқәоу раԥҵара. Араионқәа рахь ҳнеины ари азҵаара шьҭаҳхуан", - лҳәеит Гәыли Кьычԥҳа.
Иара убасгьы иазгәалҭеит Данил Убириа Аҟәатәи алицеи-интернат дшоушьҭымҭаз, уи гәахәара дуны ишиԥхьаӡоз.
"Ишыжәдыруа еиԥш аинтернат иалгеит Аԥсны еицырдыруа жәпаҩык ауаа. Данил Ҭемыр-иԥа атәылаз даара игәы былуан. Ҳара даҳцәыӡит аҩыза, Ауаажәларратә палата алахәыла, ауаҩ бзиа. Иуацәа, иҭынхацәа, игәакьацәа, ихатә ҩыза – Ирина ҳрыдашшылоит", - лҳәоит Кьычԥҳа.
Данил Убириа акыршықәса акьыбачымазара даҿагылан. Атәыла аиҳабыра рҟынтәи аиԥш Ауаажәларратә палата аҟынтәгьы ацхыраара шимазгьы ичымазара аиааиит ҳәа азгәалҭеит лара.
Данил Убириа диит мшаԥы 26 1947 шықәсазы. Ауаажәларратә палата ааԥхьарақәа хԥа раан амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, 2020 шықәса раахыс аиҿкаара аппарат напхгра аиҭон.
Ажәабжьқәа зегьы
0