Адлер амшын иагаз аҭыԥҳа лыԥсыбаҩ Гагра амшынҵакыраҿ ирбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПобережье Гагры
Побережье Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 8 азы Адлер амшын иагаз лыԥсыбаҩ Гагра амшын аҟәарахьы икылнагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. 22-шықәса зхыҵуаз Братск ақалақь аҟны инхоз Иулиа Лукианова лыԥсыбаҩ рбеит нанҳәа 11 ауха Гагра аҟәараҿы, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Нанҳәа 8 азы Адлер амшын иагаз лыԥсыбаҩ, Гагратәи амшынҟәарахь икылнагеит. Аԥсыбаҩ Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аԥсышьҭаҵарҭахь инаган.
Ареспубликахь иааз лыуацәа лхаҭара шьақәдыргылеит.
Иара убасгьы Санкт-Петербургантәи аԥсшьаҩы иԥсыбаҩ рбеит ԥхынгәы 24 азы Гагра аҟәараҿы. Аԥсыбаҩ Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аԥсышьҭаҵарҭахь инаган.
Аԥсны АҶА адыррақәа рыла 2021 шықәса ҳааҭалазар Аԥсны амшынҵакыра иахьаҵанакуа 12-ҩык ҭахахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0