Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агрба еиҭеиҳәеит Гагра араион аҟны иахьа арепатриантцәа шаҟаҩы нхо

© Sputnik / Томас ТхайцукАстан Агрба
Астан Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Анапаҵаҩра
Гагра араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арепатриациа иазкыз аилацәажәараҟны иззааҭгылаз.
Агрба еиҭеиҳәеит Гагра араион аҟны иахьа арепатриантцәа шаҟаҩы нхо
Арепатриациа, адемографиа, аԥсуа бызшәа азҵаарақәа ирылацәажәан Гагра араион адепутатцәеи активи раԥшьгарала имҩаԥгаз аиԥылараҟны. Уахь аапхьара рыман аҵарауаа, Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара.
"Иахьа Гагра араион ахь ҳашьцәа аҳәаанырцәынтә раагара аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уажәраанӡа иаахьоу шынхо, шаҟаҩы ыҟоу ҳәа азҵаарақәа ықәдыргылеит ҳауаажәлар рхаҭаранакцәа, уи иазкны аиԥылара мҩаԥаҳгеит. Аибашьра ашьҭахь ҳашьцәа анхарҭа ҭыԥқәа маҷымкәа ирыҭан араион аҟны. Бзыԥҭа аҳаблаҟны 17 ҩны рыхьӡала иҟаҵан, Асԥа аҳаблаҟны 48 уаҭах рыҭан, иара убас Цандрыԥшь аҳабла иахьаҵанакуа адгьылқәа 16 рыҭан, убасгьы ақалақь аҟны 12 уаҭах рҟынӡа ирыҭан. Иахьазы урҭ аҭыԥқәа рҟны инхо даараӡа имаҷуп, аӡәгьы дынхом уҳәар алшоит. Аҩнқәа ашә ҿам, ахышә рымам, адгьылқәа ракәзар амаӷ ахысит… Иахьа араион аҟны анхара зҭаху ҳауаажәлар ҩ-нызқьҩык инареиҳаны агәаран иқәгылоуп", - иҳәеит Агрба.
Шәазыӡырҩы аудио.
Ажәабжьқәа зегьы
0