Ҭырқәтәыла урыстәылатәи амцарцәаратә ҳаирплан каҳаит, аекипаж ҭахеит

© Sputnik / Георгий Зимарев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Лесные пожары в Краснодарском крае
 Лесные пожары в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла абнабылрақәа ирыхҟьаны атәыла аԥхасҭа ду аиуит, аиҳабыра уи милаҭтә катастрофоуп ҳәа ажәлар ирыларҳәеит. Нанҳәа 10 рзы амцакрақәа рҽааныркылеит. Аха ақәаршыҩқәа ирылагеит, урҭ ирыхҟьаны аӡхыҵрақәа ҟалеит, адгьыл ҳәазеит, ауааԥсыра рыбжьара иҭахаз ҟалеит.
АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Қьырала иргаз урыстәылатәи амцарцәаратә ҳаирплан Бе-200 каҳаит Ҭырқәтәыла, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ареспублика абнатә нхамҩа аусбарҭа адыррақәа ааганы.
"Ақалақь Каҳраманмарашь азааигәара амцакра арцәараан Урыстәыла қьырала игаз амцарцәаратә ҳаирплан Бе-200 каҳаит. Аекипаж иалан ааҩык ауаа - фҩык урыстәылатәи акомандеи ҩыџьа - абнатә нхамҩа аминистрраҟынтәи. Урҭ ирԥеиԥшхаз макьана еилкаам", - рҳәеит адырраҭараҟны.
Аҳаирплан ахькаҳаз аиқәырхацәа неит.
Аамҭақәак рышьҭахь Sputnik Ҭырқәтәыла иҟанаҵаз адыррала, аекпиаж иалаз аӡәгьы дзеиқәымхеит.
Агентра адыррақәа рыла, аҳаирплан апровинциа Мугла абнақәа амца ахьыркыз рырцәара иаҿын. Ишырҳәо ала, аҳаирплан аӡы таны ианышьҭыԥраауаз, иахьынӡахәҭаз аҳаракыра азымгакәа ахрақәа ираахеит. 
Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҟны иазгәарҭеит Бе-200 шкаҳаз ақалақь Адана иахьазааигәаз атәарахьы ахы анархаз. Уи иақәтәан ааҩык: хәҩык Урыстәыла аррамаҵзурауааи хҩык Ҭырқәтәыла ахаҭарнакцәеи. Урҭ амца ахьакыз аҭыԥқәа ддырбон.
Иҟалаз арыцҳара мзызс иаиуз аилкааразы иахьыҟалаз аҭыԥ ахь идәықәлеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра акомиссиеи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0