https://sputnik-abkhazia.info/20210815/Bzhania-Asny-zkhy-ayzaz-khatgakharalati-aibashtsa-shgalashara-aakha-khyrkhoit-1033040280.html
Бжьаниа: Аԥсны зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа шәгәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит
Бжьаниа: Аԥсны зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа шәгәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит
Sputnik Аҧсны
2012 шықәса раахыс Аԥсны иазгәарҭуеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш. 1992-1993 шш рзы Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2300 - ҩык инарзынаԥшуа... 15.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-15T15:30+0300
2021-08-15T15:30+0300
2021-08-15T15:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/1f/1031554114_0:0:2800:1575_1920x0_80_0_0_e087b18d7c3bee19b13c11254f571a47.jpg
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. 1992 шықәса нанҳәамза 15 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҩбатәи амш инаркны аԥсуаа инарывагылеит рашьцәа Аҩада Кавказ ареспубликақәа рыҟнытә хатәгәаԥхарала иааз.Иахьа ҳара ҳхырхәоит Аԥсны Ахақәиҭра зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа шәгәалашәара аҿаԥхьа. Урҭ иҟарҵаз, ирылдыршаз аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ҿырԥшыга бзианы иҟалоит аиаша азықәԥара аус аҟны.Ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥараан аиааира амш арааигәараҟны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рроль.Аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵароуп хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи, урҭ рҭаацәеи ганрацәала ацхыраара рыҭаразы. 992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқь инарыцны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ иаԥсахеит. 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп. 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал рыҭоуп. Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык.
https://sputnik-abkhazia.info/20210815/Nana-15---Asny-khatgakharala-eibashuaz-irymshup-1033039988.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/1f/1031554114_192:0:2680:1866_1920x0_80_0_0_043a6540472e90cd43f3d05ee45994eb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Бжьаниа: Аԥсны зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа шәгәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит
2012 шықәса раахыс Аԥсны иазгәарҭуеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш. 1992-1993 шш рзы Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2300 - ҩык инарзынаԥшуа хатәгәаԥхарала еибашьуаз.
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
1992 шықәса нанҳәамза 15 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҩбатәи амш инаркны аԥсуаа инарывагылеит рашьцәа Аҩада Кавказ ареспубликақәа рыҟнытә хатәгәаԥхарала иааз.
Иахьа ҳара ҳхырхәоит Аԥсны Ахақәиҭра зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа шәгәалашәара аҿаԥхьа. Урҭ иҟарҵаз, ирылдыршаз аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ҿырԥшыга бзианы иҟалоит аиаша азықәԥара аус аҟны.
"Шәҩыла Аҩада Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәылеи рыҟнытә, аҳәаанырцә иҟоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәа раара ҳажәлар ргәы шьҭнахит, аиааиразы ирымаз агәрагара арӷәӷәеит. Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит арҭ афырхацәа зааӡаз анацәеи абацәеи",-ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.
Ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥараан аиааира амш арааигәараҟны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рроль.
Аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵароуп хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи, урҭ рҭаацәеи ганрацәала ацхыраара рыҭаразы.
992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқь инарыцны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ иаԥсахеит. 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп. 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал рыҭоуп. Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык.