Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рымшынтә аршьаҟауаа Владивостокҟа инеиуеит АрМИ-2021 аҽалархәразы

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсеармейский конкурс "Морской десант-2021" во Владивостоке
Всеармейский конкурс Морской десант-2021 во Владивостоке - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Анапаҵаҩра
40 тәыла рҟынтәи 5 000-ҩык рҟынӡа аруаа еицлабуеит Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа АрМИ-2021 рҿы.
АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи егьырҭ атәылақәеи рымшынтә аршьаҟауаа Владивостокҟа инеиуеит АрМИ-2021  аицлабра афинал "Амшынтә десант" аҟны иқәгыларц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Аокеанҭынчтә флот апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Армейские международные игры–2021  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Аԥснытәи акоманда "Танковый биатлон" иалахәхоит
"АрМИ-2021 алахәцәа аицлабра афинал "Амшынтә десант" аҟны иқәгыларц Владивостокҟа инеит Китаи, Иран, Венесуела, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла  рымшынтә аршьаҟауаа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Алахәылацәа реиҳараҩык Москвантәи Аокеанҭынчтә флот ахь инагоуп арра-транспорттә авиациала. Аҭыԥ аҿы акомандақәа асанитартә уснагӡатәқәа ирхыжьуп.
Нанҳәа 17 инаркны акомандақәа атехникеи абџьари рыдыркылоит. Уи адагьы ахысырҭатә ҭыԥқәа рматериалтә хәҭақәа гәарҭоит.
Аицлабра х-етапкны имҩаԥысуеит ("Полоса препятствий", "Тропа выживания", "Эстафета"), нанҳәа 22-29 рзы.
Аицлабра аныҳәатә усымҩаԥгатә аартра мҩаԥгахоит нанҳәа 22 азы, Владивосток.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа–2021 мҩаԥысуеит 11 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы нанҳәа 22-цәыббра 4 рзы.
Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа АрМИ-2021 иалахәуп 40 тәыла рҟынтәи 5000-ҩык рҟынӡа аруаа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
 
Ажәабжьқәа зегьы
0