Арратә госпиталь амедусзуҩцәа апациентцәа рыдкылара иалагоит нанҳәа 19 рзы

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны иаадыртит. Агоспиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 17 азы, игылоуп апансионат "Аиҭар" аҵакыраҿы.
АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь амедусзуҩцәа апациентцәа рыдкылара иалагоит нанҳәа 19 рзы. Абри атәы Sputnik иазаанацҳаит аокруг апресс-маҵзура.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Амобилтә госпиталь Аҟәа ашьақәыргылара иаҿуп
Амобилтә госпиталь автоколоннеи арадиацитә, ахимиатә, абиологиатә хьчара аотриади Аҟәаҟа иааиит нанҳәа 17 ауха. Нанҳәа 18 шьыжьы инаркны агоспиталь аусура азырхиара иалагеит.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи. Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны зыԥсы зшьо асасцәеи амобилтә госпиталь аҳақьымцәеи хаз-хазы иҟазаауеит, уи азы аанда ҟаҵоуп. Иара убас амобилтә машьынақәеи, атехника ҷыдеи аргыларҭа азы хаз игоу амҩа азылхуп. Уи адагьы амедусзуҩцәа рзы хаз иго афатәҟаҵарҭеи амаҭәаӡәӡәарҭеи еиҿкаауп.
Амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа 11, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.
Мобильный госпиталь Минобороны России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Урыстәылатәи арратә госпиталь Аҟәаҟа иааит аҿкы змоу рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы Аԥсны аусура иалагеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь. 2021 шықәса хәажәкыра 1 азы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь есымшатәи агыларҭахь ихынҳәит.
Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0