Амобилтә госпиталь аҿы раԥхьатәи апациент дрыдыркылеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, раԥхьатәи COVID-19 злоу апациентцәа рыдкылара иалагеит нанҳәа 19 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь гылоуп апансионат "Аиҭар" аҵакыраҿы. Иахьа раԥхьатәи апациент даднакылеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
Аҩыза ижәҩахыр: Урыстәыла арратә госпиталь - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Аҩыза ижәҩахыр: Урыстәыла арратә госпиталь Аҟәа аус шауло
Агоспиталь аҿы еибыҭоуп адкылара-еилыргарҭа, асанитар-епидемиологиатә, агоспитальтә, аҿкытә ҟәшақәа иара убасгьы анестезиологиеи ареанимациеи рыҟәшақәа, алабораториа.
Амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа 11, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар аҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. 100 ҭыԥк рҟынтәи 46 ҭыԥ аҵәыҵәри ала еиқәыршәоуп.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Акоронавирус злоу рыхәшәтәразы: Аԥсныҟа иааз Урыстәылатәи арратә госпиталь
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи. Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны игылоуп.
2020 шықәса жьҭаара 20 инаркны 2021 шықәса хәажәкыра 1 азынӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара ҟанаҵон.
Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан х-нызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рзыҟаҵан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0