Акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу 360-ҩык рҟынӡа инаӡеит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24190-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 19476-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 360-ҩык.
АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 400-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 123-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык: 56? 83 шықәса зхыҵуаз ахацәеи 58 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 117-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 17-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 42-а, урҭ рахьтә 11-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа, Аҟәатәи арратә госпиталь аҿы - 25-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0