Аԥсны 1300-ҩык инареиҳаны алаҵа "Спутник Лайт" рыларҵахьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит 5 000 лаҵа "Спутник Лайт". Аахәареи аагареи ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.
АҞӘА, нанҳәа 21– Sputnik. 1311-ҩык алаҵа "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит Аԥсны нанҳәа 10 раахыс ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Араионқәа рыла анаҩстәи адыррақәа ыҟоуп:
  • Аҟәа - 774,
  • Гәылрыԥшь араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 156,
  • Гагра араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 192,
  • Очамчыра араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 80,
  • Гәдоуҭа араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 70,
  • Тҟәарчал араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 24,
  • Гал араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 13.
Алаҵа "Спутник Лайт" хә-нызқь доза Аԥсныҟа иааган нанҳәа 6 рзы. Уажәтәи алаҵа аахәареи Аԥсныҟа аашьҭра аиҿкаареи ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.
Лаҵарамза алагамҭазы еилкаахеит акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы ишҭаргалаз. Иара ауаҩытәыҩса 85% ихьчара алшоит.
Ареспубликаҿы алаҵа ҟарҵахьеит 7 500-ҩык инареиҳаны. Урҭ рҟынтәи 6500-ҩык "Спутник V" ҟарҵеит, 1311-ҩык хәҭак злоу "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0