Афонд "Ашана" хҩык аӡӷабцәа хәыҷқәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылараз аԥареизгара иалагеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Девочки с диагнозом ДЦП
Девочки с диагнозом ДЦП  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2021
Анапаҵаҩра
Еревантәи ареабилитациатә центр аҟаза иҟны аҽыхәышәтәразы еизгатәуп 235 956 мааҭ аԥара.
АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Анастасиа Бадиаԥҳа, Мариа Кесиан, Валериа Џьынџьалԥҳа ргәабзиара аиҭашьақәыргылараз ахәшәтәразы аԥареизгара иалагеит.
Арҭ аӡӷабцәа хәыҷқәа еиднакылоит диагнозк – ахәыҷтәы хбаҩлашатә дабла. Дара ахысраны иҟоуп Еревантәи ареабилитациатә центр аҟаза иҟны аҽыхәышәтәра, ржьышә арӷәӷәаразы, рхала итәо-игыло, аныҟәара иалагаразы.
Валериа Џьынџьалԥҳа зегьы дреиҳабуп, абыжьбатәи акласс ахь диасит. Асахьаҭыхра бзиа илбоит, англыз бызшәа лҵоит, дыстаматолагхарц лыгәҭакуп. Валериа илҳәоит аҳақьымцәа дшырцәымшәо, иаразнакы дҳақьымхарц шылҭаххаз.
Габриэль Пацурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Габриель Пацуриа ихәшәтәразы аԥареизгара иаҿуп
2017 шықәсазы аԥҟарақәа хԥа лхылгеит. Ес-хымз ареабилитациа дахыслароуп. Лхала дныҟәоит ҳәа аҳақьымцәа агәыӷра шлырымҭогьы  лынасыԥ иакит. Еревантәи ареспубликатә центр атерапист Армине Чопуриан лҿы ареабилитациа аԥшьбатәи акурс данахыс ашьҭахь раԥхьатәи лшьаҿақәа цхыраарада, лхала еихылгеит. Иҟоу алҵшәақәа реиӷьтәразы аҽыхәшәтәра иацылҵароуп.
Мариа Кесиан лакәзар сынтәа актәи акласс ахь дцоит. Лара лгәы хыҭхыҭуа дазыԥшуп лан ашколтә цәамаҭәа, ашәҟәқәа аалхәарц длыцны данцо. Лара зегьы бзиа илбоит, дырҿаччоит.
Ҩышықәса раԥхьа Мариа лхала дызтәомызт, дызгыломызт, илҳәозгьы ажәақәак ракәын, акыр деиҵахон. Москвеи Санкт-Петербурги ареабилитациа данахыс ашьҭахь лхала дгыло далагеит. Аныҟәара алагаразы аҟазауаҩ ицхыраара лҭахуп.
Анастасиа Бадиаԥҳа хәышықәса лхыҵуеит. Ахәыҷқәа рыцыхәмарра бзиа илбоит, лан лааигәа даныҟоу лгәы ҭынчуп.
Лара зааны диит, лыԥсы еиқәдархеит, изныкымкәа ареабилитациа акурсқәа дшырхысхьогьы лыбӷа лзынкылом, дызныҟәом.
Иахьатәи рҭагылазаашьа еиӷьтәны уаҵәтәи амш иақәгәыӷырц арҭ аӡӷабцәа хәыҷқәа ирзеизгатәуп 235 956 мааҭ аԥара.
Ацхыраара аҟаҵашьа адырразы аинформациа: афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0