https://sputnik-abkhazia.info/20260918/1065733725.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа рхы аладырхәит жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп адепутатцәа Ерик... 18.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-18T18:01+0300
2026-09-18T18:01+0300
2026-09-18T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/12/1065733559_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_345811a62128cb3ac56bab9b2e82b61c.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа рхы аладырхәит жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп адепутатцәа Ерик Рштуни, Галуст Трапизониан, Ешсоу Дочиа, аделегациа напхгара аиҭоит Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба ҳәа аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура. Аахыҵ Уаԥстәылатәи Апарламент ахантәаҩы Алан Маргиев асасцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит аҩ-республикак изеиԥшу рҭоурыхтә лахьынҵақәа.Аҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, уи активла аҿиара азгәарҭеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла алхрақәа абжьыҭира активла, аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаны имҩаԥысуеит ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны АКХ ахада Дмитри Маршьан.Маршьан зхадараҿы дыҟоу аделегациа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала ареспубликахь инеит. @SputnikOssetia ахҳәааҿы Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит алхрақәа реиҿкаара аҩаӡара шыҳараку, уи аԥышәа Аԥсны ишьҭнахыр шалшо. Иаҳҳәап, алхҩы ирҭо абиуллетен аҿы раԥхьа акандидатцәа рҟынтәи анаԥшыҩцәа рнапы ахьаҵарыҩуа.
АЖәР аекспедициа алахәылацәа Аԥсны азы апроекттә аԥшьгарақәа аус рыдулара иалагеит ҳәа иҳәеит Аҿари аспорти русқәар рзы Аҳәынҭеилакы аҿартә ҟәша аиҳабы Беслан Аршба. Аԥснытәи аекспертцәеи егьырҭ алахәылацәеи аус рыдырулоит аекологиеи, акультуреи, атрадициақәеи, аҭоурыхи русхк иазырхоу аидеиақәа. Жәларбжьаратәи аекспедициа иалахәхеит Европа, Латинтәи Америка, Африка, Ацентртә Азиа, Мрагылара Ааигәа ртәылақәа 16 рҟынтәи 22-ҩык алахәылацәа. Уи хацыркхеит цәыббра 18 рзы.
Зықьҩык рҟынӡа Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль алахәылацәа арегионалтә программа иалахәхоит.117 тәыла рҟынтәи аҿар Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа 35 ирҭаауеит. Хазы-хазтәи аныҟәарақәа азԥхьагәаҭоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь. Алахәылацәа рзы иазырхиоуп 33 маршрут: дара ирылшоит арегионқәа ркультуреи ртрадициақәеи рдырра, аҭҵаарадырратәи аҿари рцентрқәа рҭаара, аԥхьагылара змоу аарыхрақәа рбара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Росмолодежь апрограмма "Больше, чем путешествие" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Аԥсны Апарламент аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа рхы аладырхәит жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп адепутатцәа Ерик Рштуни, Галуст Трапизониан, Ешсоу Дочиа, аделегациа напхгара аиҭоит Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба ҳәа аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура. Аахыҵ Уаԥстәылатәи Апарламент ахантәаҩы Алан Маргиев асасцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит аҩ-республикак изеиԥшу рҭоурыхтә лахьынҵақәа.Аҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, уи активла аҿиара азгәарҭеит. Аахыҵ Уаԥстәыла алхрақәа абжьыҭира активла, аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаны имҩаԥысуеит ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны АКХ ахада Дмитри Маршьан.Маршьан зхадараҿы дыҟоу аделегациа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала ареспубликахь инеит. @SputnikOssetia ахҳәааҿы Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит алхрақәа реиҿкаара аҩаӡара шыҳараку, уи аԥышәа Аԥсны ишьҭнахыр шалшо. Иаҳҳәап, алхҩы ирҭо абиуллетен аҿы раԥхьа акандидатцәа рҟынтәи анаԥшыҩцәа рнапы ахьаҵарыҩуа.АЖәР аекспедициа алахәылацәа Аԥсны азы апроекттә аԥшьгарақәа аус рыдулара иалагеит ҳәа иҳәеит Аҿари аспорти русқәар рзы Аҳәынҭеилакы аҿартә ҟәша аиҳабы Беслан Аршба. Аԥснытәи аекспертцәеи егьырҭ алахәылацәеи аус рыдырулоит аекологиеи, акультуреи, атрадициақәеи, аҭоурыхи русхк иазырхоу аидеиақәа. Жәларбжьаратәи аекспедициа иалахәхеит Европа, Латинтәи Америка, Африка, Ацентртә Азиа, Мрагылара Ааигәа ртәылақәа 16 рҟынтәи 22-ҩык алахәылацәа. Уи хацыркхеит цәыббра 18 рзы.Зықьҩык рҟынӡа Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль алахәылацәа арегионалтә программа иалахәхоит.117 тәыла рҟынтәи аҿар Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа 35 ирҭаауеит. Хазы-хазтәи аныҟәарақәа азԥхьагәаҭоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь. Алахәылацәа рзы иазырхиоуп 33 маршрут: дара ирылшоит арегионқәа ркультуреи ртрадициақәеи рдырра, аҭҵаарадырратәи аҿари рцентрқәа рҭаара, аԥхьагылара змоу аарыхрақәа рбара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Росмолодежь апрограмма "Больше, чем путешествие" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/12/1065733559_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_3ed6a3cb46df1b28f31bd48ac76c60dd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио