Аԥснытәи аруаа аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" рҽаладырхәуеит

© Foto / пресс-служба ЮВОВ Приэльбрусье состоялась жеребьевка команд-участниц «Эльбрусского кольца»
В Приэльбрусье состоялась жеребьевка команд-участниц «Эльбрусского кольца» - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Анапаҵаҩра
Аицлабра иалахәхоит 90-ҩык рҟынӡа аруаа жә-командакны: Урыстәыла, Китаи, Пакистан, Ҟазахстан, Ермантәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Узбекистан, Индиа рҟынтәи.
АҞӘА, нанҳәа 24- Sputnik. Аԥснытәи арратә альпинистцәа ркоманда аҵәҭаԥсаратә еихшьаалақәа рыла аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" рҽаладырхәуеит Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рҳәаа иҭагӡаны. Абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Конкурс Морской десант в Приморском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Аԥснытәи амшынтә аршьаҟауаа аицлабра "Амшынтә десант" рҽаладырхәит
Аҵәҭаԥсара мҩаԥган ашьхатә зыҟаҵара Ацентр "Терскол" аҿы аицлабра аофициалтә аартра аламҭалаз.
Аԥхьа иқәгылоит Урыстәыла акоманда, аҩбатәи –Узбекистан акоманда, ахԥатәи –  Ҟазахстан акоманда, аԥшьбатәи –Аԥсны акоманда, ахәбатәи–Пакистан акоманда, Индиа – афбатәи, абыжьбатәи –Китаи альпинистцәа. Абри аишьҭагыла инақәыршәаны акомандақәа 15 дҵа ҷыда ирхысуеит.
Ермантәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи ркомандақәа ҩыџьа-ҩыџьа рыла ишьақәгылоуп, афиналтә дҵа мацара иахысуеит ("Скоростной забег по маршруту поляна Азау – вулкан Эльбрус").
Аицлабрақәа раартра аҽны аконцерттә программа мҩаԥган ААО ансамбли ареспублика аколлективқәеи ралахәрала.
"Аицлабра ахаҵа инаало еицлаброуп. Акомандақәа ироуеит алшара рымч, рылша, аиааира разыгәышьра аарԥшра", - иҳәеит Урыстәыла Арратә мчрақәа рбаҩырҵәыратә зыҟаҵареи аспорти рзы Аусбарҭа аиҳабы Андреи Зыков.
Урыстәыла Арратә мчрақәа ркоманда аҳауа-десанттә ар ральпинистцәа рыла ишьақәгылоуп.
Атехникатә комиссиа алахәылацәа аусдҵа ҷыдақәа рынагӡаразы разыҟаҵашьа гәарҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0