Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чамагәуа: адунеи аҿы иҟоу апроцессқәа хара имгәакәа рҽырымԥсахыр, аамҭа цәгьа ҳҭагылоит

© Sputnik Леонид Чамагуа
Леонид Чамагуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизара адепутат Леонид Чамагәуа арадио Sputnik аефир аҿы Урыстәылаҟа атәымтәылауаа-арусофобцәа рнеира мап ацәкра аганахьала адепутат Александр Хинштеин иҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит.
Чамагәуа Аҟәатәи афизико-техникатә институт аҿы аҵәыҵәри аҟаҵаразы: хра амоуп
Александр Хинштеин – Урыстәыла аҳәынҭқарратә дума адепутат азакәан апроект азирхиеит. Ари азакәан рыдыркылар, Урыстәылаҟа анеира азин роуам атәымтәылауаа-арусофобцәа. Азакәан апроект аҿы иарбоуп изусҭцәоу арусофобцәа. Уахь иаҵанакуеит милаҭла, динхаҵарыла, бызшәала, хылҵшьҭрала ауаа еиҿазыргыло, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рыпату лазырҟәуа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара аҳаҭыр лазырҟәуа зегьы.
"Иахьатәи амш Урыстәыла иамоу апроблемақәа даара ирацәоуп, уи иаҿагылоу амчқәагьы маҷым. Еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых еицаркуеит ҳәа иаҿуп. Аурыс идеологиа иаҿагылоу даара ирацәахеит. Убри иахҟьаны иара игәаанагара еилкаауп, сгәы ианаагоит иадгыло ҟалоит ҳәа, иахәҭоу абжьқәагьы роуеит ҳәа", - еиҭеиҳәеит Чамагәуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0