https://sputnik-abkhazia.info/20210826/Aslan-Bzhania-Asny-zhlar-Zhlarbzharati-azkhaara-amsh-rydinyaleit-1033106007.html
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
Жәаха шықәса раԥхьа, нанҳәа 26 2008 шықәсазы Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра, ари амш аҩ-тәылак рҟны ҳәынҭқарратә ныҳәамшуп. 26.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-26T12:45+0300
2021-08-26T12:45+0300
2021-08-26T13:14+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/1d/1031725246_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_ddb783b572952ce8fcd2cd56fbe4fcc6.jpg
АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа жәлар ирыдеиныҳәалеит Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш.Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Урыстәыла аганахьала Аҧсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара иашаҵәҟьаны ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны акрызҵазкуа хҭысны, аиашара аиааира агара шьақәзырӷәӷәо актны ишыҟалаз. Ҳтәыла иаиуит аҭынчра, ашәарҭадара, аҿиаразы алшарақәа."Абри аныҳәа амш аҽны Урыстәылаа ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭышәынтәалара, аҭынчра, аизҳазыӷьара, избанзар Урыстәыла шаҟа иӷәӷәоу аҟара, адунеи аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи ҟалоит", - иҳәеит Аҳәынҭқарра ахада.Ҳара иара убас ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа, ҳтәылауааи ҳҩызцәеи ари амш ааигәатәра зхы-зыԥсы иамеигӡаз, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира ҳзыргаз ҳԥыза, анаҩс жәларбжьаратәи азхаҵара зыхьӡ адҳәалоу Сергеи Багаԥшь. Аҳәынҭқарра ахада иуаажәлар ирзеиӷьаишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара.Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев, аԥсуеи ауаԥси жәларқәа рхы иақәиҭны иаадырԥшыз ргәаҳәара дазхьаԥшны, ООН Аԥҟаԥҵәеи, жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хельсинкитәи ахыркәшаратә акти егьырҭ ишьаҭанкылатәу жәларбжьаратәи ашәҟәқәеи шьаҭас иҟаҵаны инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы ақәҵарақәа.Аԥсни Урыстәылеи Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит, Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы урыстәылатәи арратә база артәаразы аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы аицхырааразы аиқәшаҳаҭра уҳәа убас иҵегь аҳәынҭқаррабжьаратәи аусбарҭабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20210826/-Akh-asha-abacha-aibashtsa-rykhala-igylou-abaa-aman-asha-shareit-1033105499.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/1d/1031725246_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_39d75dd4ebc1fe65dcbaf470a2bad568.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит
12:45 26.08.2021 (ирҿыцуп: 13:14 26.08.2021) Жәаха шықәса раԥхьа, нанҳәа 26 2008 шықәсазы Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра, ари амш аҩ-тәылак рҟны ҳәынҭқарратә ныҳәамшуп.
АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа жәлар ирыдеиныҳәалеит Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш.
"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш. Ари аныҳәа ҳҭоурых ҿыц аҟны уажәааигәа акәзаргьы ианцәырҵ, иара еиднакылеит ахьыҧшымра амҩа ианыз ҳара ҳажәлар зыниаз ауадаҩрақәеи ирымаз аихьӡарақәеи", - ҳәа азгәаҭоуп ахәҭакахьала адныҳәалараҟны.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Урыстәыла аганахьала Аҧсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара иашаҵәҟьаны ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны акрызҵазкуа хҭысны, аиашара аиааира агара шьақәзырӷәӷәо актны ишыҟалаз. Ҳтәыла иаиуит аҭынчра, ашәарҭадара, аҿиаразы алшарақәа.
"Абри аныҳәа амш аҽны Урыстәылаа ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭышәынтәалара, аҭынчра, аизҳазыӷьара, избанзар Урыстәыла шаҟа иӷәӷәоу аҟара, адунеи аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи ҟалоит", - иҳәеит Аҳәынҭқарра ахада.
Ҳара иара убас ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа, ҳтәылауааи ҳҩызцәеи ари амш ааигәатәра зхы-зыԥсы иамеигӡаз, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира ҳзыргаз ҳԥыза, анаҩс жәларбжьаратәи азхаҵара зыхьӡ адҳәалоу Сергеи Багаԥшь. Аҳәынҭқарра ахада иуаажәлар ирзеиӷьаишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара.
Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев, аԥсуеи ауаԥси жәларқәа рхы иақәиҭны иаадырԥшыз ргәаҳәара дазхьаԥшны, ООН Аԥҟаԥҵәеи, жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хельсинкитәи ахыркәшаратә акти егьырҭ ишьаҭанкылатәу жәларбжьаратәи ашәҟәқәеи шьаҭас иҟаҵаны инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы ақәҵарақәа.
Аԥсни Урыстәылеи Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит, Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы урыстәылатәи арратә база артәаразы аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы аицхырааразы аиқәшаҳаҭра уҳәа убас иҵегь аҳәынҭқаррабжьаратәи аусбарҭабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа.