https://sputnik-abkhazia.info/20210827/Gdouati-akovid-khyshtyra-apatsienttsa-ya-rysazaara-ialit-1033114657.html
Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭа апациентцәа ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭа апациентцәа ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24952-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 20766-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит... 27.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-27T23:34+0300
2021-08-27T23:34+0300
2021-11-18T17:23+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031148092_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_c2d86e37f0a3b4ffd22831f53b15b1ec.jpg
АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 417-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 133-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа: 59 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи, 81 шықәса ирҭагылаз аԥҳәыси.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 92-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә быжьҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 20-ҩык, урҭ рахьтә ааҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 69-ҩык апациентцәа, фҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031148092_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_1c64b28bb17ef6b1382ba9a009d310d2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
аԥсны, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭа апациентцәа ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
23:34 27.08.2021 (ирҿыцуп: 17:23 18.11.2021) Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24952-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 20766-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 372-ҩык.
АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 417-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 133-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа: 59 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи, 81 шықәса ирҭагылаз аԥҳәыси.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 92-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә быжьҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 20-ҩык, урҭ рахьтә ааҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 69-ҩык апациентцәа, фҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.