Акоронавирус зцәа иалаз ԥшьҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25417-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 21399-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 384-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 323-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 93-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ари амш иалагӡаны даҽа ԥшьҩык акоронавирус злаҽыз апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит: Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы 72 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи, 69 шықәса ирҭагылаз аԥҳәыси; Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы - 81 зхыҵуаз ахаҵеи, 84 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 63-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 24-ҩык, урҭ рахьтә ааҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 70-ҩык апациентцәа, фҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0