https://sputnik-abkhazia.info/20210902/Sirtaki-asha-azyzyz-abyrzen-kompozitor-Mikis-Teodorakis-isazaara-dalit-1033144490.html
Сиртаки ашәа азызҩыз абырзен композитор Микис Теодоракис иԥсҭазаара далҵит
Сиртаки ашәа азызҩыз абырзен композитор Микис Теодоракис иԥсҭазаара далҵит
Sputnik Аҧсны
Амузыкант акраамҭа ҵуеит дычмазаҩызижьҭеи, аха аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иаалырҟьаны деиҭашәеит. Иара 96 шықәса ихыҵуан. 02.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-02T19:16+0300
2021-09-02T19:16+0300
2021-09-02T19:07+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/02/1033141245_0:241:2049:1399_1920x0_80_0_0_fe1b1269a7c3b7bc79e177132fc378a1.jpg
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Еицырдыруа абырзен композитор Микис Теодоракис иԥсҭазаара далҵит 96 шықәса шихыҵуаз ҳәа аанацҳаит РИА Новости ауаажәларратә телехәаԥшра ERT адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.Теодоракис аопера, асимфониатәии акамератәии амузыка, аораториақәа, абалет, ауахәаматә хор инадыркны ажәытә драма, атеатр, акино рзы амузыка иҩуан.Адунеиаҿ деицырдыруа дҟалеит акинофильм "Абырзен Зорба" азы ииҩыз арҿиамҭа "Сиртаки" аамышьҭахь.Аҩбатәи адунезегьтә еибашьраан Теодоракис аҿагыларатә ҵысра далахәын, анацистцәа дытҟәаны дрыман. Бырзентәыла аграждантә еибашьраан аконцлагер дҭакын адгьылбжьаха Макрониссос аҿы.2020 шықәсазы акомпозитор ианашьан амедал "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵразы" Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟа инақәыршәаны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/02/1033141245_0:176:2049:1464_1920x0_80_0_0_981b40b5bfddb2bd1eb27d6a2c87b198.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Сиртаки ашәа азызҩыз абырзен композитор Микис Теодоракис иԥсҭазаара далҵит
Амузыкант акраамҭа ҵуеит дычмазаҩызижьҭеи, аха аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иаалырҟьаны деиҭашәеит. Иара 96 шықәса ихыҵуан.
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Еицырдыруа абырзен композитор Микис Теодоракис иԥсҭазаара далҵит 96 шықәса шихыҵуаз ҳәа аанацҳаит
РИА Новости ауаажәларратә телехәаԥшра ERT адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Бырзентәыла иахьа иџьабоит. Иахьа дҳалагылам акомпозитор ду, атәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых иадҳәалаз ақәԥаҩ ду", - ҳәа аанацҳауеит ателеканал, иагьазгәанаҭоит амузыкант хәызмаӡам аҭынха ссир шынижьыз.
Теодоракис аопера, асимфониатәии акамератәии амузыка, аораториақәа, абалет, ауахәаматә хор инадыркны ажәытә драма, атеатр, акино рзы амузыка иҩуан.
Адунеиаҿ деицырдыруа дҟалеит акинофильм "Абырзен Зорба" азы ииҩыз арҿиамҭа "Сиртаки" аамышьҭахь.
Аҩбатәи адунезегьтә еибашьраан Теодоракис аҿагыларатә ҵысра далахәын, анацистцәа дытҟәаны дрыман. Бырзентәыла аграждантә еибашьраан аконцлагер дҭакын адгьылбжьаха Макрониссос аҿы.
2020 шықәсазы акомпозитор ианашьан амедал "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵразы" Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟа инақәыршәаны.