Еилкаахеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара ианалаго

© Sputnik / Томас ТхайцукАГУ
АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2021
Анапаҵаҩра
Сынтәа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭаларазы рышәҟәқәа аларҵеит 689-ҩык абитуриентцәа, урҭ рахьтә ирыдыркылеит 588-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет актәи акурс астудентцәа  рҵара иалагоит цәыббра 6 азы, егьырҭ акурсқәа – цәыббра 15 азы. Абри атәы аанацҳауеит ауниверситет асаит. 
АГУ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2021
ААУ аҟны ихыркәшоуп аԥышәарақәа рыҭира
Аԥшьашаҽны имҩаԥысит ААУ аректорат аилатәара. Ирылацәажәан адкыларатә ԥышәарақәа рылҵшәақәа.
Аԥсны иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы асанитартә-епидемиологиатә нормақәа рықәныҟәара рӷәӷәоуп.
Астудентцәеи арҵаҩцәеи асабрадақәа ныҟәыргалароуп, арзҩыдарақәа рхы иадырхәалароуп, асоциалтә дистанциа азгәарҭалароуп.
ААУ ахыбрақәеи аҵакыреи мышқәак раԥхьа арзҩыдара иахыжьын Аԥсныҟа иааны иҟаз арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчаразы урыстәылатәи арратә ҟәша аусмҩаԥгатәқәа рыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0