Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы акомпиутертә томограф аусура иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҟазацәа акомпиутертә томограф ахәҭа иԥхасҭахаз аҿыц ала ирыԥсахит, уи иақәхарџьхеит х-миллионки фышә нызқь мааҭ аԥара.
АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы акомпиутертә томограф еиҭашьақәыргылан аусура иалагеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба акомпиутертә томограф ахархәаразы ашәҟәынҵа инапы аҵеҩит, аиқәыршәаҩцәа аилахәыра "Форсайт Медикал" алархәны цәыббра 4 азы.
"Иеиԥҟьаз зегьы еиҭашьақәыргылоуп. Иацы 14 аԥышәаратә ҭҵаара мҩаԥган", - иҳәеит аминистр.
Иара убасгьы Едуард Быҭәба иҳәеит, анапы зҵеҩыз ашәҟәы ашьҭахь, аилахәыра "Форсайт Медикал" ахәдықәҵаартә хыдҵақәа зегьы ахахьы ишаго.
Агәабзиарахьчара аминистр ахәаша еиҭеиҳәеит, урыстәылатәи аҟазацәа ишырԥсахыз акомпиутертә томограф ахәҭа иԥхасҭахаз аҿыц ала, иара иақәхарџьын 3 миллионки 600 нызқь мааҭ аԥара.
Ажәабжьқәа зегьы
0