Шәача аҩнеихагыла амца акыит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПожар в доме на Лиговском проспекте
Пожар в доме на Лиговском проспекте - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2021
Анапаҵаҩра
Амца арцәара иалахәын 20-ҩык амцарцәаҩцәеи 5 ак атехникеи
АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Амцакра ҟалеит Адлер Адемократиатә амҩаду аҿы игылоу аҩнеихагыла ауадақәа руак аҟны, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә АҶА аусбарҭа хада апресс-маҵзура.
Аҩнеихагыла аҟынтәи еиқәырхан 70-ҩык ауааԥсыра, аӡәгьы акагьы рмыхьӡеит.
Амца арцәаҩцәа амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны инеит асааҭ 12:52 рзы. Амца арцәара иалахәын 20-ҩык амцарцәаҩцәеи 5 ак атехникеи. Амца дырцәеит сааҭбжак рыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0