00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:31
1 мин
Новости
18:32
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:32
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
15 шықәса зхыҵуаз урыстәылатәи атурист Гәылрыԥшь араион ашьхараҿы дҭахеит. Арыцҳара шыҟалаз азы Аԥсны АҶА аҷаԥшьарҭахь адырра ҟарҵеит иаха ахәылбыҽха. Аусбарҭа аинформациала урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ иалаз ахбыџ ашьханыҟәаратә халараан аԥсҭазаара ианшьалам аахақәа иоуит. Арыцҳара иҟалаз инадҳәаланы Аԥсны АҶА абжьгара ҟанаҵеит ашьха ҭыԥқәа рҿы аныҟәарақәеи аҳаракырақәа рахь ахаларақәеи зыгәҭаку ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа ирықәныҟәаларц.
Урыстәылантәи иаагаз арҵаратә литература Аԥсны ашколқәа рахь еихшоуп. Ашәҟәқәа дәықәырҵеит Гәылрыԥшьи Тҟәарчали араионқәа рахь, иара убас Аҟәатәи абжьаратә школ №1 ахь. Зынӡа ареспубликахь Урыстәылантәи нанҳәа 3 рзы иааргеит 24 нызқь цыра аурыс бызшәеи алитературеи, аматематикеи, алгебреи, агеографиеи, афизикеи аинформатикеи рзы арҵагашәҟәқәа. Урыстәылатәи ацхыраара аганахь ала раԥхьаӡакәны ареспубликахь иааргеит аинформатиказы арҵагашәҟәқәа — 2000 цыра.
Аԥсны аҭоурых хаз маҭәарны абжьаратә школқәа рҟны ианыҟалалакгьы ашьҭахь, зынӡа аԥсшәахь ииагазар — ахәыҷқәа еиҳагьы агәыбылра ркоит, рхатәы бызшәала ражәаҳәагьы ҭбаахоит ҳәа иԥхьаӡоит Ешыратәи абжьаратә школ аҭоурых арҵаҩы Аслан Хәарцкьиа. Аҭоурых хаз маҭәарны аҟалара — ахәыҷқәа рылҵшәақәа ирнымԥшыр ауӡом ҳәа агәраганы дыҟоуп иара. "Аиашазы, иҳамаз асааҭқәагьы ҳазхаӡомызт, иара Адунеизегьтәи аҭоурых иахәҭакны иҟоуп азы. Ахәбатәи акласс аҟны асааҭқәа маҷуп, ахәыҷқәа аҭоурых ашьҭкаара рцәыуадаҩуп, насгьы апериодқәа рцәеилагон. Хаз маҭәарны аҟалара ахәыҷқәа рдыррақәа аизырҳаразы, апатриотизм ралааӡаразы — ибзиоу усны иҟалоит", — иҳәеит Хәарцқьиа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла апрограмма ҷыда ӡырнагоит Шәача имҩаԥысраны иҟоу аконцерт аҟны, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аҟны аколлектив анапхгаҩы Хьыбла Возԥҳа. "Аҽазыҟаҵара мҩаԥысуеижьҭеи мызқәак ҵуеит. Ҳсахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор хада Нодар Виктор-иԥа апрограмма ҷыда "Аԥсы амузыка" азирхиеит. Сара сгәы излаанаго ала, ари ҳкультура аарԥшразы, Аԥсны ауаа адыԥхьаларазы — маруга бзиоуп ", — азгәалҭеит лара. Аҳәынҭқарратә капелла Шәача иқәгыларц азы аԥхьара рынаҭеит Аԥхынтәи атеатр адирекциа. Аколлектив инарыгӡоит адунеитә классикатә рҿиамҭақәа реиԥш аԥсуа жәлар ркомпозициақәагьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0