Швеицариа имҩаԥысуаз атурнир аҟны Амина Аншԥҳаи Анастасиа Гасановеи аиааира ргеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Амина Аншба
Амина Аншба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2021
Анапаҵаҩра
Афинал ахәмарра аҟны Амина Аншԥҳаи Анастасиа Гасановеи иаҵадырхеит Амандин Есси Татиана Мариеи.
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсменка Амина Аншԥҳа илывагылоу Анастасиа Гасановеи швецариатәи ақалқь Коллонж-Бельрив имҩаԥысуаз атурнир ITF W60 "ТССВ Open" аҟны аиааира ргеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿараи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Посмотреть эту публикацию в Instagram

Публикация от Amina Anshba (@amina_anshba_)

Амина Аншԥҳа 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа дачемпионхеит, акыр жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны даиааихьеит Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла уҳәа. 2016 шықәса рзы 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара Европа дачемпионхеит.
Иара убасгьы, Амина Аншԥҳа раԥхьатәи аԥсуа аԥқьаҭасҩы лакәхеит, ақәыԥшцәа рыбжьара атурнирқәа "Большои Шлем": US Open (ЕАА), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Британиа Ду) ирылахәхаз. Иахьазы Амина Аншԥҳа дыхәмаруеит аҭыԥҳацәа еиҳабацәа ртурнирқәа рҟны.
Мшаԥымза 2021 шықәсазы Амина Аншԥҳа венгриатәи аспортсменка Панна Удвардии еивагыланы ITF W25 атурнир аҟны аиааира ргеит 6:3, 6:3 ҳәа. Ари ашықәс иалагӡаны Амина Аншԥҳа ITF атурнир аҟны хынтә аиаарақәа лгахьеит.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0