Аслан Бжьаниа аоппозициа рхаҭарнакцәа дырԥылеит

© Foto / пресс-служба Президента РАСостоялась встреча Президента Республики Абхазия Аслана Бжания с представителями руководителей различных оппозиционных партий и движений.
Состоялась встреча Президента Республики Абхазия Аслана Бжания с представителями руководителей различных оппозиционных партий и движений.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Анапаҵаҩра
Ашәахьа, цәыббра 6 рзы имҩаԥысит Аԥсны ахадеи аоппозициаа рхаҭарнакцәеи реиԥылара, аҵыхәтәантәиқәа раԥшьгарала.
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынқарра ахада Аслан Бжьаниеи еиуеиҧшым аполитикатә партиақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа реиԥылара ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Апресс-маҵзура иаланарҵәаз афотосахьаҿы иубоит апартиа "Аидгылара" ахада Кан Кәарҷиа, Аԥсны жәлар рпартиа ахантәаҩы Иақәыб Лакоба, апартиа "Акзаара" ахада Леонид Ӡаԥшьба уҳәа егьырҭгьы.
Аиԥылара аконструктивтә ҟазшьа аманы имҩаԥысит ҳәа азгәаҭоуп. Аиԥылара алахәцәа азааҭгылеит атәылаҿы имҩаԥысуа  ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа, аоппозициа ахаҭарнакцәа атәыла анапхгара ирабжьыргеит аҧшьгарақәа жәпакы ирыхәаҧшырц.
Ажәабжьқәа зегьы
0