Амаинерцәа рхархәагақәа рҭиуа иалагеит акриптовалиута ҿыц анхабгала ашьҭахь

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2021
Анапаҵаҩра
Акриптовалиута ҿыц Chia цәырҵит 2021 шықәса ааԥынразы, амаинерцәа рзгьы агәыӷрақәа арҿыхеит ахә бзиан азы.
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Амаинерцәа рхархәагақәа рыҭира иалагеит акриптовалиута ҿыц Chia ахә анкаҳа ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит РИА Новости VNExpress адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Биткоины и доллары - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Абиткоин ахәԥса 51нызықь доллар ихалеит
Акриптовалиута ҿыц цәырҵит 2021 шықәсазы, амаинерцәа рзгьы агәыӷрақәа арҿыхеит. Иреиҳаз ахәԥса 1685 доллар (123 000 мааҭ акурс ала) иҟан. Аха иаарццакны акотировкақәа алаҟәра иалагеит, цәыббразы Chia 220 доллар роуп иахыршәаауа. Ари амонета еиҳарак ахархәара ахьамаз Алада-Мрагыларатәи Азиа амаинерцәа анырра  рнаҭеит.
Атокен аԥҵаҩцәа ргәаанагарала Chia аизакыга алоуп ишырҳалатәу. Уи азы адиск кьакьақәа еиҳа ихәарҭоуп. Акрипторҳаҩцәа, мызқәак раԥхьа аизакыгақәа рдефицит аԥызҵаз уажәы рхархәагақәа ишаархәаз аасҭа имарианы рыҭира иалагеит.
Аекспертцәа абжьгара ҟарҵом амаинертә фермақәа рҿы рхы иадырхәоз акомпиутертә дискқәа раахәаразы. Избанзар аизакыгақәа ирзынхаз аресурс аилкаара уадаҩуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0