https://sputnik-abkhazia.info/20210907/Shlymba-Aa-atransport-ausurazy-abylty-akh-atslara-argy-usa-artsgeit-1033164060.html
Шәлымба Аҟәа атранспорт аусуразы: абылтәы ахә ацлара ҳаргьы ҳусқәа арцәгьеит
Шәлымба Аҟәа атранспорт аусуразы: абылтәы ахә ацлара ҳаргьы ҳусқәа арцәгьеит
Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи атранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит абылтәы азы иҟоу аиԥҟьара русура ишанырыз, насгьы амҩақьыра ахәԥса... 07.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-07T14:14+0300
2021-09-07T14:14+0300
2021-09-07T14:17+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
арадио
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103048/81/1030488190_0:52:2000:1183_1920x0_80_0_0_962875ea53444af32a67da99d84e302a.jpg
Шәлымба Аҟәа атранспорт аусуразы: абылтәы ахә ацлара ҳаргьы ҳусқәа арцәгьеит
Sputnik Аҧсны
Шәлымба Аҟәа атранспорт аусуразы: абылтәы ахә ацлара ҳаргьы ҳусқәа арцәгьеит
"Аҭагылазаашьа зеиԥшрахо дырны заанаҵы абылтәала ҳҽеиқәҳаршәеит, уи иалнаршеит апассаџьырцәа еиԥҟьарада рымҩанагара. Уи адагьы мызкы иҳазхаша абылтәы ҳаҭан "Аԥсныбылтәы" аҟынтә. Анаҩс, уажә иааргаз аҟынтә еиҭа шә-тоннак абылтәы ҳарҭеит.Ҳҽеиқәыршәаны ҳаҟоуп. Егьырахь абылтәы ахә иахьацлаз ҳаргьы ҳусқәа арцәгьеит, иаҳҭаху амаругақәа рацәоуп, абылтәы нахыс, аха уажәшьҭа иҳауа зегьы абылтәы мацара ауп изызхо. Ацхыраара ҳмоур асааҭқәа ҳаркьаҿыр акәхоит. Уажәы асааҭ 6 инаркны 7 ахәылбыҽханӡа аус ауеит, Аҳабла ҿыц еиҳагьы инацны. Адотациақәа рацҵара азҵаара ӡбатәуп ақалақь ахадараҿы", - ҳәа иҳәеит Шәлымба.Аҟәатәи атранспорттә наплакы аиҳабы иажәақәа рыла, ақалақь аҩныҵҟа амҩақьыра ахәԥса макьана иаҽеиҭанамкыцт, аха мчыбжьык, ҩымчыбжь рыҩныҵҟа атариф ҿыцқәа шьақәыргылахоит, ҳәа азгәеиҭеит Шәлымба.Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103048/81/1030488190_0:0:2000:1258_1920x0_80_0_0_65e8a7718c0255c1f55d88c905c15744.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Шәлымба Аҟәа атранспорт аусуразы: абылтәы ахә ацлара ҳаргьы ҳусқәа арцәгьеит
14:14 07.09.2021 (ирҿыцуп: 14:17 07.09.2021) Аҟәатәи атранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит абылтәы азы иҟоу аиԥҟьара русура ишанырыз, насгьы амҩақьыра ахәԥса ацҵара азҵаара шыӡбахо атәы.
"Аҭагылазаашьа зеиԥшрахо дырны заанаҵы абылтәала ҳҽеиқәҳаршәеит, уи иалнаршеит апассаџьырцәа еиԥҟьарада рымҩанагара. Уи адагьы мызкы иҳазхаша абылтәы ҳаҭан "Аԥсныбылтәы" аҟынтә. Анаҩс, уажә иааргаз аҟынтә еиҭа шә-тоннак абылтәы ҳарҭеит.
Ҳҽеиқәыршәаны ҳаҟоуп. Егьырахь абылтәы ахә иахьацлаз ҳаргьы ҳусқәа арцәгьеит, иаҳҭаху амаругақәа рацәоуп, абылтәы нахыс, аха уажәшьҭа иҳауа зегьы абылтәы мацара ауп изызхо. Ацхыраара ҳмоур асааҭқәа ҳаркьаҿыр акәхоит. Уажәы асааҭ 6 инаркны 7 ахәылбыҽханӡа аус ауеит, Аҳабла ҿыц еиҳагьы инацны. Адотациақәа рацҵара азҵаара ӡбатәуп ақалақь ахадараҿы", - ҳәа иҳәеит Шәлымба.
Аҟәатәи атранспорттә наплакы аиҳабы иажәақәа рыла, ақалақь аҩныҵҟа амҩақьыра ахәԥса макьана иаҽеиҭанамкыцт, аха мчыбжьык, ҩымчыбжь рыҩныҵҟа атариф ҿыцқәа шьақәыргылахоит, ҳәа азгәеиҭеит Шәлымба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.