Аслан Бжьаниа иҭахаз Урыстәыла АҶА ахада Зиничев иуацәа дрыдышшылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аиҳабы Евгени Зиничев 55 шықәса ихыҵуан, ари амаҵура дахагылан хышықәса раахыс.
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Атәылауаа рыхьчареи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Евгени Зиничев иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Рабочая поездка президента В. Путина в Челябинскую область и Республику Башкортостан - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр дҭахеит ауаҩы дшеиқәирхоз
"Гәалсра дула исыдыскылеит Атәылауаа рыхьчареи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи аҧсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Евгени Николаи-иԥа Зиничиов имаҵзуратә уал нагӡо, ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхараан машәырла иҭахара.
Аԥсадгьыл апатриот ду иҧсҭазаара иалҵра - трагедиа дууп иҭаацәеи аҳәынҭқарреи рзы. Иара фырхаҵарыла ихымҩаҧгашьа ишьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарратә усзуҩы иаша иҟазшьоу аидеал ҳаракқәа", - аҳәоит адышшыларатә шәҟәы.
Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи ахьӡала хаҭала иара ихьӡалеи иҭахаз аминистр иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула дрыдышшылеит.
Евгени Зиничев имаҵзуратә уалԥшьа шынаигӡоз машәырла дҭахеит: Арктика имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа раан аҭыхрақәа мҩаԥызгоз арежиссиор Александр Мельник аҿҟьараҿы дықәҵәраан хланҵы дцеит, уи збаз Зиничев иаразнакала дыԥеит деиқәирхарц, аха ацаҟьа даахеит. Аҩыџьагь вертолиотла ахәышәтәырҭахь иргеит, аха аҳауа иахьалаз рыԥсҭазаара иалҵхьан. Евгени Зиничев 55 шықәса ихыҵуан. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра дахагылан хышықәса раахыс.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0