Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәҭелиа еиҭеиҳәеит ашколқәа рҿы иахьазы COVID азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кутелия
Аслан Кутелия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра акы инаркны иахьанӡа ашколқәа рҟны ишьақәгылаз аепидҭагылазаашьа атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵараминистрра аинформациатә маҵзура аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
 
Қәҭелиа еиҭеиҳәеит ашколқәа рҿы иахьазы COVID азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу
Гәдоуҭа араион аҿы акәзар, 15-ҩык арҵаҩцәа ирыхьит, аҵаҩцәа 8-ҩык. Аклассқәа акарантин ахь имышьҭыкәа, изыдбалаз аҽыԥхьакрахь ишьҭын, ус азыӡбан асанитартә ҳақьымцәа рабжьгарала.
Гәылрыԥшь араион аҿы ашколқәеи аклассқәеи иарку ыҟаӡам. Ахәыҷбаҳчаҿы хәыҷык идбалан. Иара аҽыԥхьакрахь дышьҭын. Очамчыра араион 6-ҩык арҵаҩцәа, ачымазара рымоуп. Ԥақәашь ашкол аҿы актәи акласс аркуп, иара убас ақалақь аҿы ахәбатәи аабатәи аклассқәа ҩба акарантин ахь ишьҭуп.
Тҟәарчал араион аҿы 6-ҩык арҵаҩцәа ирыдбалан, ахәыҷқәа рыбжьара ус еиԥш аӡәгьы дыҟаӡам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәҭелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0